Жәабран 23 Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш ныҳәан иазгәарҭоит уаанӡа аиԥш иахьагьы Урыстәыла. Аԥсны акәзаргь иаҩсуам ари арыцхә. Асовет Еидгыла аамҭаз уи атәылақәа рҿы аума, анҭыҵ аума, аррамаҵзура иахысуан ҳабацәа, ҳабдуцәа, ҳашьцәа, урҭ рыбжьара аӡәырҩы ирхыргеит аибашьра Афганистан. Усҟантәи аамҭазы изеиԥшраз аррамаҵзура ахысра, избан изахыстәу аррамаҵзура, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы ҳалацәажәоит. Асас- Аԥсны Афырхаҵа, Афган еибашьуаз Руслан Ладариа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.