Ихадоу атемақәа

Sputnik
Бадра Гәынба Владимир Путин Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имш идиныҳәалеит.Аԥсны ахада иазгәеиҭеит ари амилаҭтә ныҳәа иҵаулоу адоуҳатәии аҭоурыхтәии шьаҭақәа шрымоу." Иахьа, Урыстәыла Арбџьармчқәа хьыӡла-ԥшала аҭоурыхтә традициақәа нарыгӡоит, аруаа аҟазара ҳараки, агәымшәареи аарԥшуа Рыԥсадгьыл ашәарҭадареи аинтересқәеи рыхьчоит", — аҳәоит адныҳәалараҿы.
Урыстәылатәи аруааи милаҭрацәала еилаҧсоу ауаажәларреи рымчқәа еидҵаны азеиԥш хықәкқәа рынагӡара рылшоит иҳәеит — Владимир Путин урыстәылаа Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имш рыдиныҳәалауа.Наџьнатә аахыс атәыла ахьчаразы игылон еиуеиԥшым амилаҭқәеи адинхаҵарақәеи змаз ауаа.Апатриотизмреи Аԥсадгьыл алахьынҵазы аҭакԥхықәреи еиднакылон, афырхаҵарақәеи ԥсра зқәым аиааира дуқәеи рзы ргәы шьҭырхуан. Путин иазгәеиҭеит арратә операциа ҷыда амҩаԥгараан аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵарақәа.Москва азы хымԥада аԥыжәара аманы иаанхоит Урыстәыла ашәарҭадара хәдықәҵара азызуз аиадертә триада аҿиара ҳәа азгәеиҭеит Путин.
Аҵарауаҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ll аҩаӡара занашьоу Станислав Лакәаба игәалашәара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Станислав Лакәаба аҭҵаарадырреи, алитературеи аполитикеи рҿы ишьҭамҭа ӷәӷәа ишаанижьыз."Станислав Лакәаба зегьрыла аҟыбаҩ злаз уаҩын — аҭҵаарадырраҿгьи, алитератураҿгьи, аполитикаҿгьи. Иара иҟамзаара ҳажәлар акыр ирныԥшит. Алеко Гәарамиа иажәақәа рыла, ААУ аҟны иаԥҵахоит Станислав Лакәаба ихьӡ зху ауадеи астипендиеи.
Донбасс афронт иаԥну араионқәа рыруааи аҭынчуааԥсыреи рзы агуманитартә еидара Аԥснынтәи инагоуп.Аԥсны ахада Бадра Гәынба инапынҵала Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аԥсадгьыл Ахьчаҩ имш аламҭалазы аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рахь инаргеит ахрыӷқәа, аконсервқәа, ахаа-мыхаа, ацитрус шәырқәа ҳәа аанацҳаит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.Иара убас аделегациа далахәун Аԥсны амчратә усбарҭақәа Рассоциациа ахантәаҩы Баҭал Агрба. Дара Донбасс рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" аибашьцәеи дареи еиԥылеит.