Аусеилыргара аԥсышәала. Аус ауртә еиԥш изыҟалома: Гәында Кәыҵниаԥҳа лыҿцәажәара

Sputnik
Аусеилыргара аԥсышәала арцәажәаразы азҵаара ықәгылоижьҭеи акрааҵуан. Уи аус аӡбара алзыршо ацхыраагӡа ҭыжьын иҳаҩсыз ашықәсаз. Уажәшьҭа хара имгакәан иара аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи араионқәа рхадарақәеи зегьы ирызшахоит. Ихадароу анаҩстәи ашьаҿа уи аус ауртә аҟаҵара. Аусеилыргаразы ацхыраагӡа аҭыжьра ҵакыс иамоузеи, насгьы ахатәы бызшәа астатус арӷәӷәаразы ҭыԥс иааннакылоузеи, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы ҳалацәажәоит. Асас- абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гәында Кәыҵниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.