Ақыҭақәа Аҷандареи Дәрыԥшьи еимаздо амҩаду аҟаҵара хыркәшахоит 2027 шықәсазы. Аусурақәа ирылагеит ҵыԥх ҭагалан, аха ақәоурақәа ирыхҟьаны аамҭа маҷк ахылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа атехникатә ҟәша анџьныр хада Аслан Анқәаб. Амҩа аура хә-километрак ыҟоуп, уи аҟынтәи хԥа акаҭран ақәҵара иаздырхиахьеит."Сынтәа х-километрак акаҭран ақәҵара ҳгәы иҭоуп. Иаанхаз ҩба — иааиуа ашықәс азы. Уи апроект хәҭа-хәҭала аԥаразоужьра иадҳәалоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Анқәаб. Аргылаҩцәагьы ҩ-цҳак ҟарҵеит, даҽа цҳакгьы еиҭашьақәдыргылеит. Аусурақәа рынагӡаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 78 млн мааҭ азоужьуп.
1 млн мааҭ инареиҳаны афымцамч ахәԥса еизгоуп "Амшынеиқәафымцамч" ацҵа ахархәарала. Жәамш рыла ацҵа 3 736-ҩык рҭелқәа иҭаргалеит, анапынҵадатә ахәхшәаарала 447 абонент ахәԥса аларгалеит ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра. Ахархәага аҭагалара алшоит AppStore, RuStore рҿы, Аҟәа ақалақь, Аҟәеи Гәдоуҭеи рраионқәа руааԥсыра. Иара убас хара имгакәан егьырҭ араионқәа рҿгьы ахархәара алыршахоит.
Апроект "Жәларбжьаратәи атехниатә абжьгаҩ" Аԥсны ашколқәа рҿы иаладырҵәоит. ААУ аҟны иҟоу Жәлар рдипломатиа ацентри Новосибирсктәи аҳәынҭқарратә техникатә университети иаздырхиаз апрограмма хықәкыс иамоуп еиҵагыло абиԥара, ԥхьаҟатәи астудентцәа анџьнырра абзиабара рылааӡара. НАТУ-и ААУ-и рыстудентцәа-анџьнырцәа иахьа аҟәатәи 5-тәи ашкол аҿы аӡыргара мҩаԥыргеит. Атеориатә хәҭа ашьҭахь ашколхәыҷқәа рылшарақәа раарԥшразы апрактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит.
Аԥсны онлаин-кассақәа ралагалара аҳәынҭқарразгьы аҭыԥантәи абизнес азгьы ихәарҭахоит ҳәа азиԥхьаӡоит анаплакҩы Роман Каҷараа. "Аҳәынҭқарра абиуџьет ииашаны иазԥхьагәанаҭарц азы, афинансқәа ииашаны еихнашарц азы еилнакаауазароуп атәылаҿы имҩаԥысуа, иарбан еикәыршарақәоу иҟоу", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Убри аан ламысцқьала аус зуа анаплакҩцәа иназыцҵоу агәаҭарақәа рҽырцәырыхьчар рылшоит. Аексперт иара убасгьы иҳәеит аҭагылазаашьа ҿыцқәа раан абизнес аҿиара шаҭаххо, уи аекономиказы еснагь ишхәарҭоу