Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы ҳтәылаҿы иалацәажәо иалагеит аинклиузиа атема — зылшарақәа ԥку ауааԥсыра рыԥсҭазаара маҷк иадамхаргьы армариара, арманшәалара. Аха аинклиузиа анаҳҳәо иарбану зегь раԥхьа инаргыланы азхьаԥшра зҭаху? Излалагатәуи, насгьы ҳабанӡазыхиоу ари азҵаара абри имариам атема алацәажәаразы арадио Sputnik астудиахь ааԥхьара рыман Ауаажәларратә палата алахәыла, Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ахылаԥшратә хеилак алахәыла Илозьда Ҳагбеи, апсихолог Алиса Хәарааи.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.