Ауаажәларратә палата хәажәкыра 12 рзы имҩаԥнагоит — Аграждантә форум "Аиҿцәажәара. Аиқәшаҳаҭра. Аҿиара" захьӡу. Уи аԥхьа адемографиеи, асоциал-економикатә ҿиареи, аполитикатә реформақәеи рызҵаарақәа иахьрылацәажәо астол гьежьқәа хԥа азгәаҭоуп, ҩ-темак рыла аиԥыларақәа мҩаԥгоуп. Аҵыхәтәантәи "Аизҳара аҵакыра: асоциал-економикатә ҿиара астратегиақәа" захьӡыз апанельтә дискуссиа аихшьаалақәа ҟаҳҵоит арадио Sputnik аефир аҿы. Асасцәа - Ауаажәларратә палата алахәыла Дауҭ Агрбеи, Лыхнатәи аизара адепутат Хьерсон Шәманиеи.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.