Ихадоу атемақәа

Sputnik
Бадра Гәынба Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.Аԥснытәи Амассатә информациа ахархәагақәа акыршықәса раахыс атәылаҟны акрызҵазкуа ахҭысқәа аадырԥшуеит, Аԥсны апозициеи уи аҭоурыхи адунеи иаларҵәо", — иҳәеит атәыла ахада. Иазгәеиҭеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан аԥсуа журналистцәа русушьа.Атәыла ахада Аԥсны АИХ-қәа русзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, иҭышәынтәалоу аусура, азҿлымҳара змоу атемақәа, аихьӡарақәа.
Аԥсны апрокуратура хада Жәлар Реизара адепутат Кан Кәарҷиа аҭакԥхықәра идҵаразы аҵаҵӷәқәа шыҟоу азы алкаа аҭаразы агәаанагара харҭәааны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахәаԥшразы иархынҳәуеит.Жәабран 13 рзы аӡбарҭахь инашьҭыз ари адгалара ырхынҳәын, избанзар, уи азакәанԥҵара ишаҳәо еиԥш жәамш рыҩнуҵҟа иахәамԥшит ҳәа аилыркаара ҟаиҵеит апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба."Аԥсны апрокурор хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҟынтәи агәаҭаратә материалқәа рырхынҳәразы аӡбамҭа идикылеит, урҭ апрокуратура хада апозициа арӷәӷәаразы ихарҭәаахоит, нас ҩаԥхьа Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инашьҭхоит", — иҳәеит иара.
Тҟәарчалынтәи Аҟәаҟа астудентцәа рзы хәыда-ԥсада автобус аныҟәара хацыркхоит. Астуденцәа рымҩангара иалагоит хәажәкыра 2 инаркны ҳәа аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура.Иара Тҟәарчалынтәи (Ашахтаусбарҭа ашҭа) шәахьыла асааҭ 8:00 рзы идәықәлоит. Аҟәантәи ахәаша асааҭ 16:00 рзы иқәҵоит.Автобус бжьалоит араион ахада ин.н. Герман Каҷараа инапынҵала.
Гагра ақалақь ажәытә хәҭа ӡыда иаанхеит.Аӡыҭгагатә станциа "Ҳаԥырҩаш-2" аҿы амотор блит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит араионтә "Ӡыршьҭра" аҿы.Аҭыԥ аҿы аҟазауааа аус руеит, ауааԥсыра ӡыла еиқәыршәахоит жәабран 28 шьыбжьышьҭахь. Иацы ари араион аҿы аӡы аҿыхын афымцамхылдызтә маругеи ахьчагатә арцәагеи ахьыԥхасҭахаз азы ҳәа азгәаҭоуп, хара имгакәа зусура еиԥҟьаз амаҭәахәқәа ԥсахын.