Ақьачақьцәеи алафҳәаҩцәеи рклуб аиҭаира: "Амҩақәҵаҩцәа" алига актәи ахәмарра ахҳәаа

Sputnik
Аԥснытәи КВН еиҭеиит. "Амҩақәҵаҩцәа" алига актәи ахәмарра мҩаҧысит Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Жәашықәса рнаҩсан еиҭахацыркхаз ақьачақьцәеи алафҳәаҩцәеи рклуб раԥхьатәи аԥышәара ишԥахыси, уажәазы аиааира згаз акомандақәа еихьӡарақәас иаадырԥшызеи, иаҵахаз иарбан лшарақәоу ирыҭо рԥышәа аизырҳаразы, акомандақәа разыҟаҵашьеи, ԥхьаҟа иаадырԥшыр зылшо аԥеиԥши, ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аиааира згаз акомандақәа ируаку Очамчыратәи "Гиуенос-Аирес" азыҟаҵаҩцәа руаӡәк Валера Берзениа.
Шәазыӡырҩы аудио.