"Аԥснытәи аихамҩа" хәышықәса рыла абиуџьети абиуџьетнҭыҵтәи афонди ирыланагало аԥара 2,5-нтә еизҳаит.Аԥарашәара аизҳара зыдҳәалоу иаланагало ахашәалахәы ашьҭыҵра ауп ҳәа аанацҳауеит Аԥснытәи аихамҩақәа.2021 шықәсазы иаазакны ишәаз 31,8 миллион мааҭ ыҟазҭгьы, 2025 шықәсазы уи 78,8 миллион мааҭ рыла еизҳаит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа иҟоу ҳтәылауаа рахь абжьгара ҟанаҵоит иахьыҟоу аҭыԥ азы аусбарҭахь адырра ҟарҵарцаз. Аофициалтә канал аҿы иркьыԥхьит аимадаразы аҭелқәа: +7 940 927-26-28; +7 940 999-00-01. Уи адагьы, Аԥсны атәылауаа иаҭаххан иҟалар Урыстәылатәи Афедерациа аконсултә усбарҭақәа рыҽрымадара рылшоит ҳәа азгәанаҭоит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы.Аҭагылазаашьа аицәахара инамаданы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ргәарҽанызарц, рыуацәеи дареи аимадара рыбжьазарц, арегион иаҵанакуа атәылақәа рахь аныҟәарақәа згәы иҭоу ашәарҭарақәа ирызхәыцырц.
300 тонна инеиҳаны амимоза аԥснытәы аҳәаа иахыргеит жәабранмза инаркны. Иацтәи амш иалагӡаны Урыстәылаҟа иахыргеит хә-тоннак ашәҭ ҩеижьқәа ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа. Ашәҭқәа аҳәаа иахыргалоит амза аҽеиҩшамҭанӡа. Амимоза Шәачантәи Урыстәыла арегионқәа зегьы рахь инагахоит.2025 шықәсазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иахыргеит 400 тонн амимоза.
Џьырхәатәи абжьаратә школ абиблиотека иаҭоуп Абызшәатә политиказы аилак иҭнажьыз ашәҟәқәа. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашкол анапхгаҩы Дифа Габниаԥҳа.Лара илҳәеит, рышкол абиблиотекатә фонд азы ари хәы змаӡам цхыраароуп ҳәа.Габниаԥҳа дазааҭгылеит ашәҟәқәа рыбжьара ишыҟоу аԥсышәала даараӡа ибзиан еиҭагоу Андерсен илақәқәа, еиуеиԥшым аусбарҭақәа русуразы ақьаадусшәҟәы аилыргаразы ацхыраагӡа уҳәа.Асеиԥш иҟоу апроектқәа абызшәа ԥхьаҟа агаразы акырӡа аҵанакуеит ҳәа лҳәеит Габниаԥҳа.
Ацәыргақәҵа "Ааԥынтәи асалон" аатуеит The Wall Gallery Аҟәа хәажәкыра 4 рзы. Ацәыргақәҵа иаҭаауа ахәаԥшразы ирыдгалахоит XIX ашә. инаркны иахьатәи аамҭанӡа иаԥҵоу аусумҭақәа ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит агалереиа анапхгаҩы Ольга Ирадиан. Аекспозициаҿы ицәыргахоит — Альфонс Ламотта игравиура, Варвара Бубновеи Рустам Хамдамови рҭыхымҭақәа, иара убас ҳаамҭазтәи асахьаҭыхцәа – Адгәыр Ӡиӡариа, Адриана Амԥар, Ахра Аџьынџьал уб. егь.Ацәыргақәҵа аартызаауеит мшаԥымза нҵәаанӡа, аус аулоит есыҽны асааҭ 9:30 инаркны 19:00 рҟынӡа.