Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа аимак аҵакыраҿы Аԥсны атәылауаа рхыԥхьаӡара ашьақәыргыларазы аусура мҩаԥнагоит иҳәеит аусбарҭа ахада Олег Барцыц. "Ҳара еиуеиԥшым адыррақәа ҳамоуп. Аимадаразы ауадаҩрақәа ахьыҟоуи, ҳтәылауаа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи тәылак аҭаара ргәы ишҭоу азы адырра ахьырзыҟарымҵои ирыхҟьаны — иаку сиак еиқәыршәаӡам", — иҳәеит иара.Иара убас Еиду Арабтәи аемиратқәа рҟны иҟоу ҳтәылауаа рхыԥхьаӡара аилкааразы аусурақәа мҩаԥнагоит адәныҟаполитикатә усбарҭа иҳәеит Барцыц, Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз.
Шәача адгьылҵысра ҟалеит иахьа. Уи рнырит Апсны ауааԥсырагьы. Раԥхьа адгьыл шыҵысуаз азгәарҭеит асааҭ 14:09 рзы, уи амчхара 4.4 ыҟан ҳәа арбоуп Европатәи-Абжьарамшынтәи асеисмологиатә центр аҟны.Агәыцә 35 км адгьыл аҵаулараҿы иҟан, Шәачантәи 27 километри Краснодарынтәи 185 километри бжьаны. Адгьылҵысра аҩбатәи амчхара 4,баллки бжаки еиҳан ҳәа аанацҳауеит Европатәи-Абжьарамшын асеисмологиатә центр асаит.Ҳтәыла ахәҭак иаагәарҭаратә иҟан
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа шьапыла иахысуа ирҧырхагахом, абри атәы иҳәеит АҬ "Ԥсоу" аиҳабы Вадим Папцаа.Иара иажәақәа рыла, аусурақәа рхырқәшара 2027 шықәсазы иазыԥҵәоу аҿҳәара еиҭаҵыр алшоит.Аиҳарак аиҭашьақәыргылара анырра рнаҭоит амашьынақәеи аидарамҩангагатә транспорти роушьҭырҭатә ҭыԥқәа, избанзар цәаҳәак арктәхоит.
Амшынԥшаҳәазы агранити арлашагақәеи актәи рпартиа Башкортосҭанынтәи Аҟәаҟа иаагоуп."Акраамҭа ахаҳә алырхуан, аҿырԥштәқәа хыԥхьаӡара рацәала иааргон, аха аҟәаа Урыстәыла иҟоу зегьы иреиӷьу, зегь реиҳа илашоу алырхит", — еиҭеиҳәеит аграниттә аалыҵқәа рҭыжьразы апроект анапхгаҩы Иван Голота.Иара иазгәеиҭеит аматериал анҵыреи аӷәӷәареи шамоу – аҵыхәтәантәи азқьышықәса аҩнуҵҟа ауаҩы иҟаиҵаз зегьы иреиӷьны еиқәханы иҟоу агранити амармалташьи роуп.
2025 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысрақәа 13 миллион рҟынӡа ашәҟәы иҭагалоуп, абри атәы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов. Иара иажәақәа рыла, АҬ "Адлер" иақәу аидара абжьааԥнытәи алшарақәа раасҭа фынтә еиҳауп, убри аҟнытә иара Урыстәыла зегь реиҳа ақәыӷәӷәара змоу ҳәа ишьоуп. Уи инамаданы аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭашьақәыргыларазы аӡбамҭа рыдыркылеит, аусурақәа мҽхакыҭбаала рымҩаԥгара азгәаҭоуп 2026 шықәсазы.