Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҟны хәажәкыра 4 рзы иаартхоит Аԥсны раԥхьатәи ахадацәа ргәалашәара иазку ацәыргақәҵа. Уи шеиҿкаау, аҭааҩцәа ирбарц ирылшо атәы еиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Мзиа Беиа.
Аицәажәара аудиофаил аҿы хыхь.
Хәажәкыра 4 рзы ҳҳәынҭқарраҿы иргәаладыршәоит Аԥсны раԥхьатәи ахадацәа. Ари аҽны 2010 шықәсазы илацәа еиқәиԥсеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, шәышықәсала ҳмилаҭ зеиԥхыӡуаз ахақәиҭра нагӡа ааҳгаратәы агәаӷьи, ахшыҩи, ахьамҵреи аазырԥшыз, Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.Хәажәкыра 4 аҽны 1949 шықәсазы диит иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩ, Аԥсны аҩбатәи ахада, хьӡи-ԥшеи згым жәлар рҵеи Сергеи Багаԥшь. Владислав Арӡынба зуасхыр шьҭеиҵаз аус анагӡара аиуит Сергеи Багаԥшь ихаан, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵахеит.