Ихадоу атемақәа

Sputnik
Хәажәкыра 4 — раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иԥсҭазаара даналҵыз амши аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь даниз амши — Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы иҷыдоу мшуп ҳәа ахиҳәааит атәыла ахада Бадра Гәынба."Аҭоурых ҩ-хьӡык мшык аҿы еиднакылазшәа иҟоуп — аамҭақәа рышьҭреимдареи Аԥсны алахьынҵаҿы иналукааша ҳҳәынҭқарратә усзуҩцәа рлагалеи инаҵшьны иазгәанаҭарц азы", — иҳәеит иара."Арҭ арыцхәқәа реиқәшәара – ҳаԥхьагылаҩ Арӡынба иԥсҭазаара алҵреи, Ҳхьыԥшымра зыхьӡ адҳәалоу Багаԥшь имширеи — ҳажәлар ҩ-епохак рсимволтә еимадара акәны ирыдыркылоит. Ари гәаларшәагоуп, зыԥсҭазаара ажәлари аҳәынҭқарреи рымаҵ аура иазызкыз ауаа рымчала Аԥсны аҭоурых шаԥырҵоз азы", — азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи Ауаажәларратә палата алахәылацәа рсиа шьақәырӷәӷәоуп.Аҟәатәи ақалақьтә Еизара — Леонид Осиеи Лана Цаавеи,Аҟәа араионтә Еизара аҟнытә — Алхас Ҭарба, Афонҿыц ақалақьтә Еизара — Витали Смыр,▪️Гәдоуҭа араионтә Еизара — Асҭамыр Ахба,Пицунда ақалақьтә Еизара — Форд Чычба,Гагра араионтә Еизара — Дауҭ Агрба,Гәылрыԥшь араионтә Еизара — Гәында Ҳаразиа,Тҟәарчал араионтә Еизара — Даур Минџьиа,Гал араионтә Еизара аҟнытә — Ҭенгьыз Инал-иԥа.
Тҟәарчали Сургути аиашьаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵахоит.Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит ателецҳа аан ҳәа аанацҳауеит араион ахадара. Аганқәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы аусеицура ирылацәажәеит — амедусзуҩцәа СурГУ аҟны рҧышәеизырҳара аиҿкаара, Тҟәарчал араион аҿы Нхыҵ ауааԥсыра ирзыманшәалоу ҳаамҭазтәи амедицинатә кластер аԥҵара, аҿартә политика, аспорт, автомототуризм русхк рҟни аинфраструктуратә проектқәеи рынагӡара рганахьала .Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, аганқәа ԥхьаҟатәи аиқәшаҳаҭра шьаҭас иаиуа агәҭакқәа рзы аԥкаанҵа аздырхиоит.
Идырым асолдаҭ ибаҟа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иалагеит Аҟәа, Диоскураа рыԥшаҳәаҿы.Аргылаҩцәа аусурақәа ирылагахьеит, аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит Аҟәа амшынԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба."Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа ирылагӡаны абаҟа ас еиԥш инарҭбаау аиҭашьақәыргылара иахымсыцызт. Апостамент аҿы аграниттә қәҵа ԥсаххоит, иқәыргылахоит иҿымцәааӡо амца назышьҭуа амаругақәа.Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп Аиааира Амш — лаҵара 9 рзы ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
Ауаҩшьра аҽазышәаразы ашьаус хацнаркит Тҟәарчал араион апрокуратура. Ацәгьоура ҟалеит 2026 шықәса жәабран 12 рзы асааҭ 16:00- 17:00 рыбжьара ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада. Араион аҿы инхоз Звиади Арониа Речхә ақыҭан иидыруаз Гогита Цимитиа дизыԥшын.Цимитиа дишьырц игәы иҭакны 20-ҟа метра шрыбжьаз Арониа ҩ-гәыцәк змоу ашәарыцагатә бџьарла ҩынтә диеихсит. Цимитиа иҽыҵәахра дахьӡеит.Арониа жәабран 25 рзы даанкылан, дырбаандаҩуп.
Цандрыԥшь амаининг хархәагақәа 30 рыԥшааит Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа.Зхархәара азин ыҟам амаругақәа рыԥшааит Очамчыра инхо Леуан Какәыбаа зыԥсҟы икыз амашьынаҿы ҳәа аанацҳауеит аҳазалхратә еилакы.Аминистрцәа реилазаара еиԥмырҟьаӡакәа аҿҳәара иацнаҵот амаиниг маругақәа раагареи рхархәареи рзин аҟамҵара, аҵыхәҭәаны — 2026 шықәса анҵәамҭанӡа.