Асоциалтә проектқәа рыҩреи Росмолодежь имҩаԥнаго аицлабрақәа ралахәхареи рзы Гал, Очамчыра, Тҟәарчал рраионқәа рҿы асеминарқәа мҩаԥысит. Аиԥыларақәа рҿы агрант аиуразы иарбан ҭагылазаашьақәоу ирзаԥырҵо, хадаратәла аконкурс алахәхаразы иарбан етапқәоу изхысыр акәу, насгьы ас еиԥш иҟоу апроектқәа лшарақәас ирзаанартуазеи аҿарацәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа -абаза конгресс ахаҭарнак Херсон Шәманиа.
Шәазыӡырҩы аудио.