Бадра Гәынба Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аҳәаанырцәтәи БпЛА-қәа иахьеиларгаз иазкны Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥигеит. "Аҳәынҭқарра ахада дазыӡырҩит Атәылахьчара аминистрра иацтәи ахҭысқәа рзы иҟанаҵаз ардырратә жәахә. Аԥсны аҳаиртә ҵакыра аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 30 рҟынӡа еиларгеит, зынӡа х-цәқәырԥакны иҟан", — ҳәа иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа. Адгьыл аҟынӡа инаӡеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14, егьырҭ аахақәа рыманы амшын иалаҳаит. Аилатәараҿы ареспублика амчратә усбарҭақәа рыбжьара аиныррақәа ҳәаақәырҵеит.
БпЛА збаз иаразнак иахьшәарҭам ахара днаскьаны иҷыдоу амаҵзурақәа рахь адырра ҟаиҵароуп ҳәа иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит икаҳаз аппаратқәа рзааигәахара шыҟамло, избанзар урҭ ҭҟәацыр шрылшо. "Убри азы иаразнак иҷыдоу ҳмаҵзурақәа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, АҶА, Атәылахьчара аминистрра адырра рыҭатәуп", – иҳәеит Лолуа. Иара иажәақәа рыла, атәыла ахада амаҵзурақәа зегьы рҽеимаданы, иааиԥмырҟьаӡакәа аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭаларц анапынҵа риҭеит.
Аԥсны аиҳабыра ԥхьаҟагьы хшыҩзышьҭра ӷәӷәа арҭалоит ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма ҳәа иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Иара иргәалаиршәеит 2026 шықәсазы апрограмма аҳәынҭқарратә статус шаиуз, уи анагӡарагьы ахада ихатә хылаԥшрала ишымҩаԥысуа. "Апрограмма астатус ҷыда ҳасаб азуны, атәыла ахада азхьаԥшра аиҭеит апроектқәа аԥара рзоужьразы аӡбамҭақәа рыдкыларагьы еиҳа иҳараку аҩаӡараҿы иҟазар шакәу", — ҳәа азгәеиҭеит Делба.
Ирантәи аԥырҩы дызҭам ахархәага Нахичеван аҳаирбаӷәаза иажәлеит, атәыла ахада Ильхам Алиев уи терактуп ҳәа ахиҳәааит.Даҽа дронк каҳаит Шекербад ақыҭантәи ашкол ааигәара, ааха роуит 4-ҩык."Иран аофициалуаа иҟалаз ҳаилдыркаароуп, Азербаиџьан аҿаԥхьа аҭамзаара шьҭарҵароуп", — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Алиев Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы дықәгыло. Азербаиџьантәи арбџьармчқәа аибашьратә зыхиара ҟарҵеит, урҭ рнапы ианҵоуп аҭактә усқәа мҩаԥыргарц.Ирантәи аруаа ракәзар, БпЛА Азербаиџьан аганахь анашьҭра мап ацәыркуеит.