Аимҳәаду аҿагыларазы апрограмма анагӡашьа: адиспансер аҳақьым хада ицәажәара

Sputnik
Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа Аԥсны аимҳәаду аҿагыларатә цхыраара аиӷьтәразы хықәкылатәи ахылаԥшратә программа шьақәдырӷәӷәеит сынтәатәи ашықәс азы. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ари аус иазоужьуп 8 млн мааҭ. Иахьазы ари ахырхарҭаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшрои? Иҟоума афинанстә еиҵахарақәа, ачымазцәа рыхәшәтәразы иабанӡеиқәшәо? Насгьы аҳәынҭқарра иҟанаҵо ацхыраара хархәашьас иаиуазеи? Ареспубликатә аимҳәацәгьаҽацәыхьчаратә диспансер аиҳабы Џьумбер Гоԥиа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.