Путини Трампи ҭелла еицәажәеит. Дара алацәажәеит Ирани Украинеи иҟоу аиҿагыларақәа ртәы ҳәа ааицҳауеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков. Аицәажәара мҩаԥысит Америка ахада иаԥшьгарала. Сааҭк иназынаԥшуа ицоз аицәажәара аусутә ҟазшьа аман, иаартын, ихырҳаган иҳәеит Ушаков.Иара убасгьы Трамп иусбарҭа анефт аусхк аҿы Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа рырԥсыҽра иазхәыцуеит ҳәа аанацҳауеит Reuters ахыҵхырҭақәа шьаҭас иҟаҵаны. **Урыстәыла изныкымкәа агәҽанҵара ҟанаҵахьан Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа аҭышәнамартәалараз аҽазышәарақәа адунеизегьтәи абылтәи аенергетикеи ашәарҭара ишҭанаргыло азы ҳәа иҳәеит Владимир Путин. Урыстәыла ахада Анапхгара алахәылацәа алархәны анефти агази рџьармыкьақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны аилатәара мҩаԥигеит. Путин иазгәеиҭеит, иҳаҩсыз ашықәсаз Ормузтәи аӡыбжьахала ишдәықәҵз адунеи амшынла идәықәырҵо анефт ахԥарак, уи уахыки-ҽнаки рыла 14 миллион баррель иартәоит. Урҭ рҟнытә 80% рҟынӡа Азиа-Океанҭынчтәи атәылақәа рахь ицон. Уажәы ари амҩа аркуп.
Урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа 2025 шықәсазы иаԥдырҟәҟәааит 308 теракт. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ачынуаа дуқәа рышьра, атранспорт аҿы арҭҟәацгақәеи абџьари рхархәара, аҩнеихагылақәа рыҵшәаара, Ҟрымтәи ацҳа ажәлара ҳәа иҳәеит Атерроризм иаҿагыло амилаҭтә еилакы ахада, Урыстәыла АШәМ адиректор Александр Бортников. Ари аамҭа иалагӡаны 79 террористтә еиҿкаара еилаԥыххаан, иаанкылан 2500-ҩык инареиҳаны ацәгьоуцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи. Иара убас, бџьаршьҭыхла аҿагылараан 27-ҩык атеррористцәа ҭархан ҳәа азгәеиҭеит Бортников "Российская газета" аинтервиу аҭо.
Очамчыреи Гали араионқәа рҿы иахьа асааҭ 15:30 рҟынӡа афымцалашара ҟалаӡом. Аӡфымцастанциа аҟны ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны "Шьешьелеҭ-1", "Шьешьелеҭ-2" рҿы афымцацәаҳәақәа аҿырхуеит ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра. Афымцалашара ҟалаӡом астанциа маҷқәа "Очамчыра-ахага", "Очамчыра2", "Аӡҩыбжьа", "Уарча", "Дранда", "Агәыӡера", "Мықә", "Кәачара", "Гал-110", "Гал-35", "Барӷьаԥ", "Отобаиа", "Анасостә" рабонентцәа.
Гагра араион ахәҭак уаҵәы лашарада иаанхоит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩԥгахоит астанциа маҷ "Гагра-3" аҿы ашьыжь асааҭ 11:00 инаркны ахәылбыҽха 16:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.