Ҳера ҟалаанӡа II-IV ашәышықәсақәа ирыҵаркуа римтәи ацаԥха-мацәаз рыԥшааит аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа ажрақәа рҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи "Аҟәатәи абаа" адиректор Аинар Инал-иԥа. "Раԥхьа уи мацәазыз џьаҳшьеит. Нас археологцәа иҭырҵааит, уи ажәытәӡатәи римтәи цаԥхоуп ҳәа алкаа ҟарҵеит. Анацәа иахарҵозар акәхарын. Ацаԥха бҩоуп излыху, зыжәла бзиоу абҩакца иаҵәа амоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Инал-иԥа.
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу римтәи абаашқәа Аԥсны аҭоурых аҿы зеиԥш ыҟам баҟақәоуп ҳәа азгәеиҭеит археолог Дмитри Счастныи. Аҟәа иахьаҵанакуа уаҳа џьаргьы иузыԥшаауам абриаҟара археологиатә материал змоу ажрақәа ҳәа азгәеиҭеит иара. "Уажәы иаатит арҭ ашықәсқәа зегьы рзы иаркыз. Ҳара лабҿаба зегьы идеилҳаркаар ҳалшоит ари здаҟам баҟаны ишыҟоу, раԥхьа иргыланы, Аҟәа азы. Аҟәа ақалақь агәҭаҵәҟьа уаҳа џьаргьы абас иаарту римтәи аҿыгҳарақәа ыҟаӡам. Ари иаартны иааныжьтәу малуп", — ҳәа иԥхьаӡоит археолог. Иара иажәақәа рыла, уажәазы изыхәҭоу аусбарҭақәа ари аҭыԥ азы аконсервациатә проектқәа реиқәыршәара иаҿуп. Иҟоу агәҭакқәа иреиуоуп — аԥшаҳәа ари ахәҭа иҷыдоу саркьала ахҩара.
Аинклиузивтә туризм аҿиаразы алекциа мҩаԥысит ААУ аҟны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа ахаҭарнакраҿы. Ауаажәларраҿ иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазынархоу аԥшьгарақәеи апроектқәеи ртәы астудентцәа ирзеиҭалҳәеит аинклиузивтә туризм Ассоциациа ахада Руслана Гьергьедааԥҳа. "Аԥсны иахьаҵанакуа инхо аинвалидцәа 9 нызқьҩык рҟынтәи 3 нызқьҩык рҟынӡа Аԥсны Жжлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа роуп. Урҭ ҳабацәа, ҳабдуцәа, ҳаншьцәа, ҳабиашьцәа роуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Шә-миллионҩык ахархәаҩцәа МАХ аҿы рыҽҭарҩит. Есыҽны урҭ миллиардк инареиҳаны асаламшәҟәқәа рышьҭуеит, 28 миллионынтә аҭел иасуеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи амессенџьер апресс-маҵзура. МАХ Урыстәыла зегьы аҿы амобилтә интернет аныҟамгьы иҭышәынтәаланы аус ауеит — иарбан ҭагылазаашьазаалак аҿы аҭелқәа расреи, асалмшәҟәқәа рышьҭреи алнаршоит.