Очамчыра араион хада Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рфонд ахаҭарнакцәа алархәны аусутә еиԥылара мҩаԥигеит. Араион аҿы инхо аибашьра аветеранцәа адгылара рыҭара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Хадаратәла рҭагылазаашьа зеиԥшроу, уадаҩрақәас ирызцәырҵуа, шаҟаҩы ашықәс аҩнуҵҟа иадҵаалоу аҭыԥантәи афонд, еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Артимон Габилаиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.