Арадио

Акомпозитор Руслан Агәмаа ихыҵит 80 шықәса: аҟаза иҿцәажәара

Sputnik
Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Руслан Агәмаа ихыҵит 80 шықәса. Иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы иҿио иалагаз аҧсуа естрада анагӡаҩцәа рыбжьара иҟамызт иашәақәа назмыгӡоз. Амузыкатә баҩхатәра злаз арԥас иаразнак ашәа аԥҵара дамҽханакит, иара раԥхьа иҩыз ашәақәа иреиуоуп "Иарҳәа иарҳәа сылашара", "Исхароузеи". Дышԥанылеи аҟаза акомпозитор имҩа, ишԥалиԥшаауаз ашәақәа злихша ажәеинраалақәа, иарбан ашәоу раԥхьа иаԥиҵаз деицырдыруа дҟазҵаз, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит иара акомпозитор ихаҭа.
Шәазыӡырҩы аудио.