Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит иахьа Аҟәа.Ахьӡ-Аԥша амемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит атәыла ахада Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟоу ареспублика анапхгара, аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи, аиҿкаарақәеи русзуҩцәа, Аԥсны ауааԥсыра.1993 шықәса хәажәкырамзазы Аҟәа агаразы ажәылараан иҭахеит 222-а аԥсуа аруаа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
"Марттәи ажәылара ашьҭахь Гәдоуҭа имҩаԥысуаз аизараҿы анацәа рықәгылара ҳгәалашәоит. Ҳаҷкәынцәа ҭахазаргьы аҩны иҭахеит, ԥхьаҟа аиааира амҩа ҳақәзароуп ҳәа рцәажәара. Усҟантәи аҟәыӷара иабзоураны — аԥеиԥш бзиа роуит ҳажәлар", — иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Марттәи ажәылара ашьҭахь иҟаз аҭагылазаашьа игәаларшәо. "Ибзиаӡан иаҳгәалашәоит ҳаҷкәынцәа иҭахаз, ирывагылаз ҳашьцәа иаадрыԥшыз афырхаҵара. Асеиԥш аԥышәара ыҟамкәа аиааирагьы аԥеиԥш аиуамызт", — иҳәеит атәыла ахада.
Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабы Роман Ӷәынџьиа аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ианашьоуп.Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аҧсны ахада Бадра Гәынба.Роман Ӷәынџьиа аҳамҭа ианашьоу Аԥсны аҳәынҭқарратә архив ашьақәгылареи аҿиареи рҿы хаҭалатәи илагалеи шықәсырацәала лыҵшәабзиала иусуреи рзы, абри атәы аҳәоит аусԥҟаҿы.
Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аԥшырҭатә ҕбауада еиҭашьақәыргылоуп.Аусдырцәа аҧшаҳәа аҭоурыхтә хаҿра инақәыршәаны ажәытә хәҭақәа ықәыргеит, идрыцқьеит, иршәит ҳәа аанацҳаит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Акциа "Аекологиатә десант" ҩынтәны имҩаԥган Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҿы.Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҟны аиааира згаз, апроект "Аекологиатә патруль" анапхгаҩы Виачеслав Попов Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, уи иалахәын аволонтиорцәеи, ақыҭа анхацәеи анапхгареи, Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәеи. Иааидкылан 30-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Ҭыԥк аанхеит, аха уа атехника ахархәара аҭахуп", — азгәеиҭеит иара.Попов иажәақәа рыла, 100 ааҵәак рҟынӡа агәамсам еизган. Анаҩстәи акциа азгәаҭоуп хәажәкырамза анҵәамҭазы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, акциа мҩаԥгахоит Алада Ешыра ақыҭан.
Telegram аусура Урыстәыла иаанкылахар алшоит мшаԥы 1 инаркны.Амессенџьер аусураҿы аамҭа-аамҭала аиԥҟьарақәа шыҟоу аарыцҳауеит ахархәаҩцәа.Ас еиԥш иҟоу аԥкрақәа раан урыстәылатәи аплатформа MAX аицәажәареи аусуреи рзы иманшәалоуп.Аԥсни уи анҭыҵи иҟоу ажәабжьқәа шәдырырц шәҭахызар — MAX Sputnik Абхазия шәнапы аҵажәҩы.