Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит иахьа Аҟәа.Ахьӡ-Аԥша амемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит атәыла ахада Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟоу ареспублика анапхгара, аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи, аиҿкаарақәеи русзуҩцәа, Аԥсны ауааԥсыра.1993 шықәса хәажәкырамзазы Аҟәа агаразы ажәылараан иҭахеит 222-а аԥсуа аруаа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
"Марттәи ажәылара ашьҭахь Гәдоуҭа имҩаԥысуаз аизараҿы анацәа рықәгылара ҳгәалашәоит. Ҳаҷкәынцәа ҭахазаргьы аҩны иҭахеит, ԥхьаҟа аиааира амҩа ҳақәзароуп ҳәа рцәажәара. Усҟантәи аҟәыӷара иабзоураны — аԥеиԥш бзиа роуит ҳажәлар", — иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Марттәи ажәылара ашьҭахь иҟаз аҭагылазаашьа игәаларшәо. "Ибзиаӡан иаҳгәалашәоит ҳаҷкәынцәа иҭахаз, ирывагылаз ҳашьцәа иаадрыԥшыз афырхаҵара. Асеиԥш аԥышәара ыҟамкәа аиааирагьы аԥеиԥш аиуамызт", — иҳәеит атәыла ахада.
1993 шықәса рзы Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара аҿаԥхьа ихырхәеит Гәдоуҭа.Араион анапхгара, иҭахаз афырхацәа рҭынхацәа, ауаажәларра ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа.
Урыстәыла Telegram ахархәаҩцәа уи аусура аиԥҟьарақәа ирынеиит.Аиҳарак ауадаҩрақәа цәырҵуеит асаламшәҟәқәа рышьҭреи амедиа аҭагалареи раан Санкт-Петербург, Омск, Шәача рҟынтәи ахархәаҩцәа рҿы.Аимадараҿы еснагь аҟазаареи ажәабжь ҿыцқәа рдырреи алыршахоит MAX аҿы.Аԥсни уи анҭыҵи иҟоу ажәабжьқәа шәдырырц шәҭахызар — MAX Sputnik Абхазия шәнапы аҵажәҩы.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аԥшьбатәи ахыркәшаратә модуль хацыркхеит иахьа Москва.Аҵарадырратә программа еиҿнакааит Аԥсны ахада Иусбарҭа Урыстәылатәи "Амедиа ҿыцқәа" апрограмма ашьаҭала.Раԥхьатәи ҩ-модульк имҩаԥысит Пицунда ақалақь аҿы 2025 шықәса жьҭаарамзеи абҵарамзеи Москва.Апроект иалахәуп 50-ҩык амедиаспециалистцәа, аблогерцәа, АИХ-қәа рхаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы.Аҵыхәтәантәи амодуль аҿы уи алахәылацәа рмедиапроектқәа аекспертцәа рҿаԥхьа ирыхьчоит.
Урыстәыла Апаралимпиада 2026 азеиԥш медалтә зшьаҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.Еизгоу акоманда зынӡа иаиааит ахьтәы медалқәа 8, раӡны медалк, аџьазтә медалқәа 3. Атәыла ахьӡала иқәгылон фҩык аспортсменцәа.Амедалтә зшьаҿы Китаи аԥыжәара амоуп, уи иалахәын 70-ҩык аспортсменцәа, урҭ 43 медал ранашьахеит. Аҩбатәи аҭыԥ ЕАА — 68-ҩык аспортсменцәеи 23 медали.2014 шықәса раахыс раԥхьаӡакәны Апаралимпиадаҿы урыстәылатәи аспортсменцәа амилаҭтә символика — абираҟи агимни иаҵагыланы иқәгылеит.