Жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча" ԥшьынтәны Аԥсны имҩаԥысуеит.Иара хацыркхоит хәажәкыра 18 рзы, имҩаԥысуеит 20 тәыла рҿы ҳәа апресс-конференциаҿы адырра ҟалҵеит Россотрудничество аџьынџьуааи, аимадареи, аҭоурыхтә-гәалашәаратә усуреи рыҟәша аиҳабы Елена Шлиниова."20 тәыла азыҳәақәа аарышьҭхьеит. Урҭ иреиуоуп Аԥсны, Австриа, Аргентина, Бангладеш, Белоруссиа, Бельгиа, Болгариа, Мсра, Индиа, Иорданиа, Ҟазахстан, Кипр, Китаи, Молдова, Никарагуа, Перу, Таџьикистан, Тунис, Узбекистан, Аахыҵ Уаԥстәыла. Иҟоуп иҵегьы атәылақәа иацло", — ҳәа лҳәеит лара. Шлиниова иазгәалҭеит, еиҭарҳауа аҵиаақәа шалырхуа тәылацыԥхьаӡа аҳауатә ҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны.
"Аԥсны аҵкыс иссиру акгьы сымбацт", — аҭоурыхҭҵааҩ, ажурналист, арадиомҩаԥгаҩ, асценарист, 1997-2007 шықәсқәа рзы арадиостанциа "Говорит Москва" аредактор хада Марина Скалкина апрограмма "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәылацәа ирзеиҭалҳәеит Аԥсны ахь илымоу абзиабара атәы. Лара лгәаанагарала, ареспублика ауааԥсыра Аԥсны аԥсабара иашьцылахьазар ҟалоит, аха раԥхьаӡа акәны уи иаҭааз даҽакала ибоит. "Сара адунеи абжеиҳара збахьеит. Аха Аԥсны – шәымшын, шәышьхақәа, шәуаажәлар, ус уԥсыԥ ахьылауга-ҩаугаша ари аҳауа раҵкыс иссиру акгьы ыҟаӡам. Шәара шәалашьцылазар акәхап, аха арахь иаауа ауаҩы уи аҳауа лбааздо, еиликаауеит уӡырыжәтәкгьы шиҭахым, избанзар ари аҳауаҿ зегьы ыҟоуп",— ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥснытәи абоксиор Георги Битиев абокс азы аҿар Рчемпионат аҿы аџьаз медал ианашьахеит. 19 шықәса иреиҳам аспортсменцәа рыбжьара World Boxing Futures Cup Бангкок ихыркәшахеит хәажәкыра 16 рзы. Уи рхы аладырхәит 89 тәыла рҟнытә 500-ҩык инареиҳаны абоксиорцәа. 17 шықәса зхыҵуа Битиев 75 кьыла рҟынӡа зыкапан ыҟоу рыбжьара Зеландиа Ҿыц ахьӡала дықәгылоит.
Иԥсҭазаара далҵит амаланыҟәазы СССР аспорт азҟаза Виктор Абрагимов. Абри атәы Sputnik иазеиҭанаҳәеит Аҳәынҭспортеилакы. Виктор Абрагимов диит 1938 шықәсазы Донецк, 1947 шықәсазы иҭаацәа иманы Аҟәаҟа нхара диасит. Амаланыҟәатә спорт аҽазыҟаҵара далагеит 1958 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь Аԥснытәи АССР аҿар ркоманда дахырԥхьаӡалеит. 1963 шықәсазы СССР аспорт азҟазас дҟалоит.