Ихадоу атемақәа

Sputnik
Апарламент адепутатцәа ралхразы Аконституциатә закәан ахь аԥсахрақәа рыдыркылеит актәи аԥхьарала. Иара азырхоуп алхыҩцәа рсиақәа рышьақәыргылара аԥҟарақәа реиӷьтәреи ареспублика атәылауаа ралхратә зинқәа инагӡаны рынагӡара алыршареи. Аиҭакрақәа алхыҩцәа рзы адыррақәа риашара акыр ишьҭырхуеит, атәылауаҩра амазаареи, анхарҭа ҭыԥи, атәылауаа рылшареи рзы аинформациа актуалтәра налаҵаны. Азакәан анагӡара азырхоуп абжьыҭараан асиақәа рҿы агхақәа реиҵатәра, алхратә процесс еиҳа еилыхха, ихьчаны аҟаҵара.
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аицлабра рыланаҳәеит "Ақыҭа иахьа" атемала иреиӷьу ажурналисттә усумҭазы. Аӡбамҭа рыдыркылеит хәажәкыра 17 рзы имҩаԥысыз Ажурналистцәа реидгыла апрезидиум аилатәараҿы. Аицлабрахь ирыдыркылоит еиуеиԥшым ажанрқәа рыла 2026 шықәса иалагӡаны аинтернет-ҭыжьымҭақәа, ателехәаԥшра, арадио, акьыԥхь аҿы ицаз ажурналисттә усумҭақәа. Аилатәара алахәылацәа, Аԥсуа ҳәынҭтелерадиоеилахәыра аусзуҩцәа гәыԥҩык: Дениза Гергиаԥҳа, Елена Лолуаԥҳа, Алиас Корсаиа, Џьубеи Ебжьноу, Миранда Шьониаԥҳа, Ҳамидан Гәымԥҳа, Гәыгәыца Ҩарданԥҳа, Шьазина Ханагәуаԥҳа, Хамида Иакәыоӷлы, Аза Харчлааԥҳа Ажурналистцәа реидгыла ралаҵаразы рыбжьқәа рырҭеит.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аԥшьбатәи ахыркәшаратә модуль мҩаԥысуеит Москва. Алахәылацәа зегьы агәалаҟазаара бзиа шҳамоугьы ҳгәы хыҭхыҭуеит, избанзар аҵыхәтәантәи амзаз аус здаҳулоз ҳпроектқәа ҩымш рышьҭахь иҳахьчароуп, хымԥада маҷк ашәара ацуп ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аефир аҿы амодуль алахәыла Саида Жьиԥҳа. Лара иазгәалҭеит апроект ахьчара аиаанӡагьы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа, илҳәеит алахәылацәа азыҟаҵара бзиа шрымоу. Сара даараӡа агәахәара ду снаҭоит Аԥсны иахәо, уи ӡырызго апроектқәа ҟаҵаны иназгаз аҿар ахьҳамоу ҳәа лҳәеит лара.
Гагра ӡыла аиқәыршәара еиҭашьақәыргылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион "Аӡышьҭра" аиҳабы Иликәа Адлеиба. Аӡы аанкылан хәажәкыра 16 ахәылбыҽха, Гәдоуҭеи Ҟабардеи амҩақәа ирнысуа аӡымҩангагаҟны ицоз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы. Иара убас, аҳабла маҷ Кемпинг аҿы зыҭбаара 160 мм иҟоу, 5 метрак аура змоу аканализациатә труба рыԥсахит.