Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны ахадарахьы акандидат изы ҵаҟатәи ақәратә шәхымс иацырҵар рылшоит 35 шықәса инаркны 45 шықәса рҟынӡа, адепутатрахь акандидат изы – 25 шықәса инаркны 33 шықәса рҟынӡа ҳәа. Абри азы аиҭакрақәа Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Аиҭакрақәа иара убасгьы иазԥхьагәарҭоит уаанӡа 65 шықәса ҳәа ишьақәыргылаз Апарламент адепутатрахь акандидатцәа рзы хыхьтәи ақәратә ԥкра шьаҭанкыла аԥыхра. "Алхратә ценз ашьҭыхра ахымԥадатәра атәылауаҩ ипассивтәу алхратә зин иҭара хықәкыс иамоуп хаҭарак иаҳасаб ала данышьақәгыла, ирҳаз адыррақәеи аԥсҭазааратә ԥышәеи шьаҭас измоу еилкааны аполитикатә позициақәа имоуп", — ҳәа азгәаҭоуп азакәан апроект аилыркаагатә нҵамҭаҿы.
Адепутатцәа актәи аԥхьарала "Аԥсны Аминистрцәа реилазааразы" Аконституциатә закәан аиҭакрақәа аларгалеит. Дара азакәан аԥҟарақәа анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рактуалтә еилазаашьеи аус зуа азакәанԥҵареи ирықәшәо аҟаҵара иазырхоуп. Адокумент аилыркаагатә нҵамҭа инақәыршәаны аԥсахрақәа ареспублика ашәахтә усбарҭақәа рыхьӡ аилыргара иазкуп, ашәахтә маҵзуразы азакәан ахь аиҭакрақәа анрыдыркыла ашьҭахь ицәырҵыз аиҿагыларақәа раԥыхра иазырхоуп.
Афильм RT Documentary " Ҟрым. Аиҭаира" ААУ астудентцәа рзы арбара мҩаԥысит Аԥсны Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа ахаҭарнакраҿы. Афильм арбара азкын Ҟрым Урыстәыла ианадлаз амш, еиҿкаан ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аԥшьгаралеи ААРА ацхырааралеи. "Иахьа ҳара зегьы ҳзы аҵакы змоу мшуп – 12 шықәса раԥхьа Ҟрыми Урыстәылеи реидылара иамшуп. Иахьа имҩаԥгахоит ари аамҭа иалагӡаны аҵакыра аҽшеиҭанакыз атәы зҳәо афильм арбара.
Ӡиӡариа имҩаҿы игылоу Аҟәатәи 1-тәи ақалақьтә поликлиника аҿаԥхьа амҩа аҿықәи амашьынаргыларҭатә ҭыԥқәеи еиҿыркаауеит. Ашьаҟауаа амҩа рахысразы иԥсабаратәым аҭаҟәаҭаҿара ԥсахуп, иазгәаҭоуп ашьаҟамҩа аиҭашьақәыргылара, Ӡиӡариа имҩа ахәҭак аҿы аҵыргәатә ҭӡы ԥсабаратә хаҳәла ачаԥара ҳәа аанацҳаит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура. Ақалақь ахадара амашьынарныҟәцаҩцәа рахь агәцаракреи агәҽанызаареи аадырԥшларц ирыҳәоит абри иарбоу аҭыԥ аҿы атранспорт аныҟәара ахьыуадаҩу инамаданы.