Апарламент адепутатцәа ралхразы азакәан иалагалахо аԥсахрақәа: адепутат ихҳәаа

Sputnik
Апарламент адепутатцәа ралхразы Аконституциатә закәан ахь аԥсахрақәа рыдыркылеит актәи аԥхьарала. Урҭ рзырхоуп алхыҩцәа рсиақәа рышьақәыргылара аԥҟарақәа реиӷьтәреи ареспублика атәылауаа ралхратә зинқәа инагӡаны рынагӡара алыршареи. Аиҭакрақәа хықәкы хадас ироуа, дара ирыбзоураны алхратә процесс ахьынӡаҽеиҭанакуа, насгьы алагалақәа хымԥадатәины иахьынӡаҟоу дазааҭгылоит Жәлар реизара адепутат Ҭемыр Беиа.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.