Владимир Путин иааԥхьарала Бадра Гәынба маи 9 рзы Ашҭа Ҟаԥшь аҟны имҩаԥысран иҟоу Аиааира Ду апарад далахәхоит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура."Аиааира амш — ари ҳажәларқәа иеицырзеиԥшу иԥшьоу рыцхәуп. Москва имҩаԥысуа аныҳәақәа рылахәхара — Афырхацәа ргәалашәара ҳаҭыр ақәҵареи Аиааира Ду иазку аиаша аиқәырхараҿы иҳаду аҭакԥхықәра ашьақәырӷәӷәареи роуп", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Бадра Гәынба Шәача имҩаԥысуа арккаратә проект " Аҭынха. Аҿиара. Акзаара" алахәылацәа рахь ааԥхьаратә шәҟәы наишьҭит Адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.Гәынба иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа аҭоурыхтә еимадарақәа рыдагьы иахьагьы рыжәҩахыр еибыҭаны ишгылоу, усҟан Аџьынџьтәылатә еибашьра ду адәаҿи, уажәгьы — Арратә ОҶ аҿи иеицырзеиԥшу аҭынхақәа шырыхьчо."Аԥсны аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа иадгылоит. Ҳара ҳаиднакылоит агәрагареи, адгылареи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы азеиԥш ҭакԥхықәреи шьаҭас измоу иҵаулоу аҭоурыхтә, адоуҳатә, ауаҩытәыҩсатә еимадарақәа", — аҳәоит ашәҟәаҿы.
Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа урыстәылауаа рыбжьара еицырдыруа "иҭынчу" агәабзиарачаԥарҭатә ҭыԥны иҟалеит.Урыстәылатәи атуроператорцәа уажәшьҭа ирдыруеит иахьҭынчроу аԥсшьара зҭаху рклиентцәа рзы арҭ аҭыԥқәа шманшәалоу ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны атуризм аминистрра акурорт-туристтә индустриа азԥхьагәаҭареи аҿиареи ранализ аҟәша аспециалист хада Ҭарашь Хәытаба. Уадаҩрақәас иҟоу зыхҟьо асасааирҭа уадақәа разымхара ауп. Хәытаба игәаанагарала, ари азҵаара аныӡбахалак, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа иаҳагьы азҿлымҳара аиур алшоит мраҭашәаратәи аасҭа.
Аԥснытәи аспортсмен Самед Бабаев акарате кекусинкаи азы Урыстәыла аԥхьахә агаразы ахьтәы медал игеит.Иара 14-15 шықәса зхыҵуа рыбжьара дықәгылеит Ростов-Донтәи ахьӡ ала ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.Бабаев ԥшь-еиқәԥарак дыхәмарит, рызегь рҿы аиааира игеит. Аӡбаҩцәа аицлабра аҿы иреиӷьу ақәԥаҩ ҳәа далыркааит.Аицлабрақәа мҩаԥысуан Москва хәажәкыра 20-22 рзы , уи иалахәын рхы аладырхәит Урыстәыла арегионқәа 47 рҟынтәи 820-ҩык аспортсменцәа.