Аполитикатә ҭышәынтәалара ада, адемографиагьы уахь иналаҵаны иарбан зҵааразаалак аӡбара залшом ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәыла Ерасҭ Агәмаа.Иара игәаанагарала, адемографиа — ареспубликаҿы зегь реиҳа ихадоу проблеманы иҟоуп. Иара ишиашоу аекономика ианыруеит, атәылаҿы иҟоу аполитикатә мчрақәа зегьы аҭагылазаашьа аиӷьтәра иашьҭоуп."Ари раԥхьа игылоу уснагӡатәуп. Аҳәынҭқарратә мчқәа зегьы демографиатә зҵаара аӡбара иазырхахароуп, иҟоу ауадаҩра аӡбаразы, ишырҳәо еиԥш ахшыҩзышьҭра ду аҭатәуп", -иҳәеит Агәмаа арадио Sputnik аефир аҿы.
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы археологиатә жрақәа актәи ахәҭа хыркәшоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит аекспедициа аиҳабы Алик Габелиа."Ари ахәҭаҿы илҵшәа хаданы иҟалеит архитектуратә комплекс еидызкыло х-баашк рҟынтәи ак аҳәаақәа инагӡаны раартра. Уи абзоурала, Аҟәатәи абааш аҩнуҵҟа иҟоу абаашқәа ртәы еиҳа ииашоу асахьа аԥҵара ҳалшоит", — ҳәа аарыцҳауеит асоциалтә еимадарақәа."Ҳара гәык-ԥсык ала ҭабуп ҳәа раҳҳәоит аекспедициа алахәылацәа, аспециалистцәа, ахатәгәаԥхаҩцәа, ҳпартниорцәа зегьы, аҭоурыхтә ҭынха ахьчараҿы рлагала ду азы", — ҳәа азгәаҭоуп атекст аҿы.Анаҩстәи ахәҭазы ажрақәа анымҩаԥгахо ԥыҭрак ашьҭахь ирылаҳәахоит.
Аҟәатәи аԥшаҳәа ахәҭак аҿы ахаҳәҟьаԥс ақәгара иалагеит Алашарбага аҳабла абжьаларҭа инаркны "Аҵыс иеҵәа" аҟынӡа Ҭаҭарсҭан иадуп. Иара аура 220 метра ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара.Анардадкылаҩ ахаҭарнак Адис Геворкиан иажәақәа рыла, акьырхаҳәҟьаԥсқәа ԥымҽкәа иамхны ауасҭарҭахь идәықәырҵоит. Уаҟа урҭ аус рыдуланы аҭыԥахь иаарышьҭуеит. Аиҭашьақәыргыларазы 900 хаҳә аҭахуп.Иара иазгәеиҭеит, аргылаҩцәа аԥшаҳәа аҭоурыхтә хаҿра еицамккәан аус шыруа.
Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа урыстәылауаа рыбжьара еицырдыруа "иҭынчу" агәабзиарачаԥарҭатә ҭыԥны иҟалеит.Урыстәылатәи атуроператорцәа уажәшьҭа ирдыруеит иахьҭынчроу аԥсшьара зҭаху рклиентцәа рзы арҭ аҭыԥқәа шманшәалоу ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны атуризм аминистрра акурорт-туристтә индустриа азԥхьагәаҭареи аҿиареи ранализ аҟәша аспециалист хада Ҭарашь Хәытаба. Уадаҩрақәас иҟоу зыхҟьо асасааирҭа уадақәа разымхара ауп. Хәытаба игәаанагарала, ари азҵаара аныӡбахалак, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа иаҳагьы азҿлымҳара аиур алшоит мраҭашәаратәи аасҭа.
Аԥснытәи аспортсмен Самед Бабаев акарате кекусинкаи азы Урыстәыла аԥхьахә агаразы ахьтәы медал игеит.Иара 14-15 шықәса зхыҵуа рыбжьара дықәгылеит Ростов-Донтәи ахьӡ ала ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.Бабаев ԥшь-еиқәԥарак дыхәмарит, рызегь рҿы аиааира игеит. Аӡбаҩцәа аицлабра аҿы иреиӷьу ақәԥаҩ ҳәа далыркааит.Аицлабрақәа мҩаԥысуан Москва хәажәкыра 20-22 рзы , уи иалахәын рхы аладырхәит Урыстәыла арегионқәа 47 рҟынтәи 820-ҩык аспортсменцәа.