Хәажәкырамза анхамҩатә усқәа зырҿыхо аамҭаны иҟоуп. Адгьыл ақәаарыхра аусқәа рхацыркра анхацәа ахы анадыркуа ҳәа иԥхьаӡоуп. Сынтәа ақыҭанхамҩа аминистрра излашьақәнаргылаз ала десҭынк амхы ацәаӷәара ахәԥса иацҵоуп, уи иаршәар алшоума ақыҭауаа, атехникала акәзар иабанӡарызхо, мамзаргьы иҟоу изыргәамҵуа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарацхьиа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.