Арԥҳачымазара аҿагылара амш адунеи аҿы иазгәарҭоит хәажәкыра 24 рзы. Ҳтәылаҿы ари ачымазара ахәшәтәразы лшарақәас иҟоу, бжьаратәла шықәсык иалагӡаны шаҟаҩы ачымазаҩцәа аҽыхәышәтәра иахысуа, аамҭа иаазаанагаз алшара ҿыцқәа рхы иабанӡадырхәо аҳақьымцәа, арҭқәа дырзааҭгылеит Ареспублика аимҳәацәгьаҽацәыхьчаратә диспансер аиҳабы Џьумбер Гоԥиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.