Ихадоу атемақәа

Sputnik
Мшаԥымзатәи аекономикатә форум "Аԥсны – уаҵәазы аинвестициақәа" аҽазыҟаҵара иалацәажәеит Аҟәа ақалақь ахадараҿы.Алахәылацәа акоммуналтә маҵзурақәа русура арӷәӷәара, амҩатә дыргақәа рырҿыцра, акаҳуажәырҭа "Пингвин" инаркны амшынбаӷәаза аҟынӡа шьаҟамҩатә ҭыԥны аҟаҵара ирзааҭгылеит.Аҳҭнықалақь ахадараҿы иазгәарҭеит афорум мҩаԥысуанаҵы обиектқәак рҿы аремонттә усурақәа аанкылахар шалшо, ахатәнаплакыҩцәа ирыҳәоит рыргыларақәа рыкәша-мыкәша аҵакырақәа дрыцқьарц.Уи адагьы, ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба еиҭеиҳәеит Аваинахқәа рымҩаҿы абетон аҭарҭәара шымҩаԥысуа атәы.
Афымцалашара ахә ахшәааразы аҭел ацҵа 6 нызқьҩык инареиҳаны ахархәаҩцәа аиухьеит, урҭ рахьынтә 1700-ҩык инареиҳаны аԥара аларшәахьеит, иааизакны ацҵала хә-миллионк мааҭ аланагалахьеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба."Асистема макьана агәаҭарақәа ирхысуеит, афымца ахә аныршәо иҟоуп ауадаҩрақәа анцәырҵуа, уи зегьы аспециалистцәа аус адырулоит, ҳазҭоу амза иалагаӡаны еиԥҟьарада аус аулартә аҟаҵара ҳгәы иҭоуп", — иҳәеит Блабба.Ахархәаҩцәа ишырҳәо ала, ацҵа ахархәара маншәалоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ауадҳараҟа амҩа аартра ргәы иҭоуп мшаԥымза анҵәамҭазы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк атуризми аекскурсиақәеи рзы аҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа. "Уа асы рацәаны ишьҭоуп, мызкы ашьҭахь иӡыҭыроуп, нас машьына ҳаракыла уахь амҩасразы алшара ҟалоит", ҳәа азгәеиҭеит иара. Атранспорт лас азы амҩа маҷк ихьшәаны иаадыртуеит, атехника ҷыда ала амҩа андырыцқьалак ашьҭахь.
Ростов-Донтәи ақалақь аҟынтәи ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рҳақьым-психиатр Оксана Мельникова Аԥсны ауаа лыдылкылалоит. Аспециалист лаара иалацәажәеит Афонд "Ашана" ахаҭарнакцәеи агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи реиԥылараҿы.Адкыларақәа мҩаԥгахоит Гәдоуҭа, Очамчыра, Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникеи ареабилитациатә центри рҿы ҳәа рҳәеит Афонд аҟны.
Аицлабра "Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит" ахь аҽҭаҩра аихшьаалақәа ҟарҵеит Sputnik аҿы.Зынӡа асасдкылара аусхк знапы алаку 306-ҩык азыҳәақәа нарышьҭит."Урҭ ҳтәыла ӡырыргоит, ахаҿсахьеи ахыԥша аԥырҵоит, знык арахь иаахьоу асасцәа еиҭа аара рҭаххартә иҟарҵоит", — иҳәеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.Аусутә гәыԥ аинформациа аҭҵаара иалагахьеит, уи ашьҭахь 12-ҩык рыла ишьақәгылоу аексперттә хеилак аӡбамҭа рыдыркылоит. Уи инаваргыланы мшаԥымзазы имҩаԥгахоит жәлар рыбжьыҭира.Аихшьаалақәа ҟарҵоит 2026 шықәса мшаԥымза-лаҵарамза рзы.