Ақыҭа арҵаҩы ихаҿсахьеи аусура игәы азҭаҵареи: аҵараҟәша аиҳабы ицәажәара

Sputnik
Аҳәынҭқарратә ахықәкытә программа "Ақыҭа арҵаҩы" ҳаамҭазы ҩаԥхьа иалацәажәоит. Ас еиԥш иҟоу апрограмма ақыҭа арҵаҩцәа адгылара рыҭара, русура ргәы азҭаҵара иадҳәалоуп. Иабанӡахымԥадатәиу ари азнеишьа, ақыҭа школқәа арҵаҩцәа ҿарацәа радыԥхьаларазы ицхыраагӡахома ари апрограмма, насгьы иахьатәи ақыҭа арҵаҩы ихаҿсахьа зеипшроузеи, аусура игәы азҭаҵаразы иҟаҵатәуи? Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа ҳиацәажәеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа школқәа рҿы арҵаҩцәа адгылара рыҭара иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа Реилазаараҿы. Уаҟа ирыхәаԥшын убасгьы аҳәынҭқарра ахада идҵақәа рынагӡара азҵаарақәа ахьынӡанагоу. Аилацәажәараан иазааҭгылеит ақыҭа школқәа рҿы аҵарадырра ахаҭабзиара аизырҳареи арҵаҩцәа ҿарацәеи аԥышәа змоу арҵаҩцәеи агәацԥыҳәара рыҭара иазырхоу аҳәынҭқарратә ахықәкытә программа "Ақыҭа арҵаҩы" аус адулара ахьынӡанагоуи.