РУСДРАМ аспектакль ҿыц "Акәукәу аҭра ахыԥраара" аԥхьарбара мҩаԥысуеит хәажәкыра 27, 28 рзы. Ари аспектакль Шьепкин ихьӡ зху иреиҳаӡоу атеатртә ҵараиурҭа аԥсуа курс аушьҭымҭатә дипломтә усумҭоуп. Арежиссиорс дамоуп Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, Урыстәыла Атеатр маҷи Москватәи атеарт "Ленкоми" рактриса хада Алла Иуганова, лара ари акурс аҿы рҵаҩыс дыҟоуп. Аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа рымҩасшьеи, аҭакԥхықәра зцу ахҭыс ирзацу агәыхыҭхыҭреи ртәы иахьа ҳастудиаҿы иаартны иалацәажәоит аспектакль аҟны ароль хада назыгӡо Лана Лашәриаԥҳаи, атеатр асахьаҭыхҩы Витали Қацәба.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.