Ихадоу атемақәа

Sputnik
Урыстәылатәи атуриндустриа аидгыла аҳәара ҟанаҵеит идырхынҳәырц уаанӡеиԥш аиразы аршаҳаҭгала ахәыҷқәа Аԥсныҟеи Беларусиаҟеи рцаразы. Абасеиԥш ааԥхьарақәа рзынашьҭуп Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ҳәа аанацҳауеит аиҿкаараҿы. Ажьырныҳәа 20 инаркны 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәы рымамкәа Урыстәыла изалҵуам.
Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа ари ииашоу, аԥсуа иҟазшьаҷыдарақәа аҵакы акәны иҟоуп иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны ажиури ахантәаҩы, ашәҟәыҩҩы Евгени Попов. Иара иажәақәа рыла, жә-шықәса рыҩнуҵҟа апремиа еицырдыруа иҟалеит. "Уи адагьы, иара егьырҭ зыҩаӡара ҳараку апремиақәа ирылукаауеит. Ари зегь рыла ииашоу ҳамҭоуп, сара сгәанала, уи аԥсуа иҟазшьаҷыдара иабзоуроуп, избан акәзар Фазиль ихаҭагьы иашала, ԥсыцқьала дыҟан. Апремиа анашьараҿгьы иҟаӡам агәыҩбара — уала-ҭахыла, еибадыррала ишам. Аҩымҭақәа ирыԥхьан иреиӷьу алкаахоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Папов.
Асоциалтә фильм "Ишәарҭоу аҭыԥҭацә" аԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа, Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы. Зметраж кьаҿу афильм агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" аԥшьгарала иҭыхуп, аҿар арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылареи рыҭиреи ралгалара апроблема иазкуп. Аиҿкаара ахада Кадыр Аргәын инаҵшьны иазгәеиҭеит, афильм аҟны ишьҭыху атема ареспубликазы даара иҵарны ишыҟоу. Иара иҳәеит "Кьараз" 11 шықәса раахыс социалла иуашәшәыроу ауааԥсыра ишрыцхраауа. "Ари афильм ала апроблема аӡбара зыҟалом, убри аҟнытә шәалацәажәарц, шәгәаанагарақәа ҳзеиҭашәҳәарц азы ааԥхьара шәаҳҭеит. Ҳара ари апроект аҿы иҳадгылаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Шықәсык ала МАХ аҿы 107-миллионҩык ауааԥсыра рыҽҭаргалеит. Урыстәылатәи амессенџьыр аусура иалагеит хәажәкыра 26 2025 шықәсазы ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура. Уажәы МАХ аҿы рыҽҭаргалар рылшоит 40 тәыла руааԥсыра. Аԥсны уи ахархәара амоуп аусура ианалага инаркны. Амессенџьыр аус ауеит аинтернет аиԥҟьара аныҟоугьы. Уаҟа уҩызцәа рацәажәара мацара акәымкәа, адунеиаҿ имҩаԥысуа еилукаар улшоит.