Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны ахада Бадра Гәынба аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Аҟармаҵыс" даҭааит. Аҳәынҭқарра ахада ахәыҷбаҳча ааӡаҩцәеи ахәыҷқәеи дырԥылеит. Иара убас ашколқәранӡатәи аҵараусбарҭа иаҭааит Аԥсны аҵара министр Хана Гәынԥҳаи, Аҟәа ақалақь анапхгареи. Ахәыҷқәа асасцәа Миха Лакрба иновеллақәа ирылху ақәыргыламҭақәа ддырбеит.
Аԥсни Урыстәылеи аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рнапы рыҵарыҩраны иҟоуп Аҟәа имҩаԥгахо аекономикатә форум аҿы иҳәеит ԥыза-министр Владимир Делба.Урҭ рахь иаҵанакуеит арегионқәа аус рыцура, ақыҭанхамҩа, акреативтә индустриақәа, ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи усхкқәа рыҿиара."Даара ҳақәгәыӷуеит афорум ҳпартниорцәеи ҳареи еицаҳзеиԥшу апроект ҿыцқәа рынагӡаразы хыҵхырҭаны бзианы иҟалап ҳәа", — ҳәа азгәеиҭеит Делба.
Аԥсныҟа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа раагара еиҿызкаауаз дыԥшаауп Ҟазахстан инхо, 45 шықәса зхыҵуа Руслан Насыров дааныркылеит Шәача. Аусурақәа еицымҩаԥыргон Аԥсни Урыстәылеи азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Насыров иганахьала ашьауӷатә ус хацыркуп. Аусҭҵаара излаҳәо ала, ажьырныҳәамзазы ирбаандаҩыз Улиана Гәарамиаԥҳаи Лилиа Шарифуллинои дрыцны, мҽхакы ҭбаала арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рҭиуан. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ишьақәдыргылеит аҳәаа иахысны Аԥсныҟа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рҭагаларазы ҩ-фактк .
Адәқьанқәа Duty Free русушьа иалацәажәеит Апарламент абиуџьеттә еилакы аилатәараҿы.Адепутатцәа ажәалагала ҟарҵоит ас еиԥш иҟоу адәқьанқәа аҳәынҭқарратә ҳәааҿы мацара акәымкәа, атәыла аҩнуҵҟагьы раартра азин ҟазҵо аԥҟара азакәан аҟнытә аԥыхразы.Азакәан апроект иааиуа асессиахь анагаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Ахәыҷтәы сахьаҭыхратә еицлабра "Аҟәа ажәҩанаҿ амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа" ҳәа хьӡыс измоу алхратә тур хыркәшахеит.Аиҿкааратә еилакы авиациеи, Аԥсны аԥшӡареи, ажәларқәа реиҩызареи ирызку аусумҭақәа хыԥхьаӡарала рацәала иаднакылеит ҳәа аанацҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.Ажиури иалахәын аҳаирбаӷәаза ахаҭарнакцәа, апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа, арҵаҩцәа, аусмҩаԥгатә апартниорцәа. Иалкаау асахьақәа мшаԥымза 2 рзы аҳаирбаӷәаза атерминал аҿы иаартхо аӡыргара иахәҭакны иҟалоит. Иара убри амш аҽны афиналистцәа аҳамҭақәа ранашьахоит.