Бадра Гәынба акультура аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ранашьаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит."Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ранашьахеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәбеи Аахыҵ Уаԥстәылатәи арежиссиор Ҭамерлан Ӡудцови."Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡқәа рыхҵоуп Тҟәарчалтәи акомедиатә театр актиор Вахтанг Ҭодуа, Аԥсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр актрисацәа Альдона Адлеиԥҳа, Фрида Леиԥҳа.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Лыхны ақыҭан ашьапылампылтә дәы маҷ аартра далахәын.Еизаз рҿаԥхьа дықәгыло иазгәеиҭеит сынтәатәи ашықәс Ақыҭа иашықәсны ишрылаҳәоу, ари аӡбамҭа ажәлар ртрадициақәеи рдоуҳатә культуреи ахьыҵәаху ақыҭақәа реиқәырхареи рырҿиареи ишазырхоу." Ақыҭа аиқәырхара уи аҳәынҭқарра аиқәырхароуп, ажәлар реиқәырхароуп", — иҳәеит Гәынба.
Геннади Лакоба искульптуратә композициа "Ажәҩан ашҟа аныҟәара" аелементқәа акыр шықәса рышьҭахь Тҟәарчалҟа ихынҳәит.Хә-метрак иҟоу 20 шәҭыҭра аԥҵан азауад "Аргонавт" азы 1980-тәи ашықәсқәа раан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь дара ақалақь иалыргеит. Урҭ рыхәҭак Аҟәатәи асанаториа МВО аҵакыраҿы игылан, аха рыбжак ааха ӷәӷәа роуит, "хык" авандалцәа иԥырҽит. Уажәы Тҟәарчалҟа идырхынҳәит аскульптурақәа фба."Урҭ рышьҭахьҟа рырхынҳәрала, аҭоурыхтә иашара еиҭашьақәҳаргылоит, Тҟәарчал аҭоурых ахәҭак азҳархынҳәуеит", — иҳәеит араион ахада Герман Каҷараа. Ирхынҳәу аскульптурақәа шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылоит Геннади Лакобеи уи ицхырааҩ Александр Донченкои, иааиуа ашықәс азы иазгәарҭо ақалақь 85 шықәса ахыҵра иахьыгӡаны.
Тҟәарчалтәи авокзал ахыбра арыцқьара иаҿуп, аҵакыраҿы ақалақь 84 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа ируакхоит иҳәеит Тҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа. Агәамсам рацәаны идәылаҳгахьеит, арыцқьарақәа рҿы ацхыраара ҳарҭоит аихамҩатә усбарҭа аусзуҩцәагьы", — иҳәеит иара.Мшаԥы 9 аҽны ақалақь фырхаҵа Тҟәарчал авокзал ахыбра аҿаԥхьа имҩаԥгахоит BLIZKEY иконцерт.Иара убасгьы апрограммаҿы иҟоуп асахьаҭыхыҩцәа Рудольф Хочааи Данаҟаи Адлеибеи Тҟәарчал аиндустриатә жәытәреи аԥеиԥш лашеи ирызку рцәыргақәҵа.