Ихадоу атемақәа

Sputnik
2025 шықәсазы абиуџьет анагӡараҿы ихадоу ахырхарҭақәа иаадырԥшит иназыцҵоу абиуџьеттә лшарақәа ралагаларазы амчхарақәа шыҟоу ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр Владимир Делба.Иахьа Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысуеит."Алшара ыҟоуп ахарџь аизырҳаразы. Уи зегь раԥхьаӡа иргыланы асоциалтә хықәкқәа назыгӡо аҳәынҭқарратәи бүџьет анҭыҵтәи афондқәа ирызкуп", —иҳәеит иара.
2025 шықәсазы Аԥсны абиуџьет ахашәала 21,7 млрд мааҭ артәеит, абиуџьет аныхрақәа 20,9 млрд мааҭ ҳәа азгәеиҭеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы аҳасабырба ҟаҵо.2024 шықәса иаҿырԥшны 2025 шықәсазтәи ахашәала уахәаԥшуазар 5,9 млрд мааҭ рыла еизырҳан. Ари алҵшәахеит Урыстәылатәи афинанстә цхыраара амҽхак аизҳара.Иара убас афинансқәа рминистр иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә биуџьет ахатәы хашәалахәы шеизҳаз. 2025 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет харҭәаан 13,3 млрд мааҭ рыла, уи иарбаз арбагақәа раасҭа 104% рыла еизҳаит.
Марттәи ажәылараҿы иҭахаз Александр Белиаки Витали Вольфи рмемориалтә ӷәқәа Гәымсҭатәи ацҳаҿы иқәдыргылеит.Ирыцеибашьуаз рҩызцәа ргәалашәара анаӡаӡатәразы акциа мҩаԥыргеит Аԥсны Адесантцәа реидгыла.Иара убас, аветеранцәа аҭааит аидгыла ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи анапхгаҩы Гиви Адлеиба анышә дахьамадоу. Аидгылара аиҭашьақәыргыларазы аԥшьгара ҟаиҵеит Гиви Адлеиба иԥа Баҭал." Ҳара ҳаизеит Аԥсны Адесантцәа реидгыла аԥсҭазаара ҿыц аҭаразы. Саб Аидгыла аԥҵараҿы игәы-иԥсы зегьы ақәирӡит, сара сгәанала, иара иус аԥсы ҭазароуп, еизҳазыӷьароуп", — ҳәа иҳәеит иара.
Гагратәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Афырҭын" Краснодар имҩаԥысуаз афестиваль "Аҳаракыраҿы" араӡнытә Гран-прии актәи аҭыԥқәа хԥеи анаршьеит.Ансамбль анапхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Мурат Қриа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, дара х-кәашарак нарыгӡеит: "Аԥсуа жәлар рыкәашара", "Аварцәа рыкәашара", "Аурашьа"."Абарҭ акәашарақәа зегьы рзы актәи аҭыԥ ҳарҭеит. Ахәаԥшцәеи аӡбаҩцәеи даара ибзианы ҳарыдыркылеит. Ансамбль абжьаратәи агәыԥ роуп иқәгылаз", —иҳәеит Қриа
Аԥснытәи аспортсменцәа Москва имҩаԥысуаз абокс азы Урыстәылазегьтәи аицлабраҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит.Диана Мелкониан ахьтәы медал ланашьахеит 48 кьыла рҟынӡа зыкапан ыҟоу рыбжьара. Беата Арышԥҳа 57 кьыла зыкапан ыҟоу рыбжьара аџьаз ланашьахеит. Аҳәынҭспортеилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, аспортсменцәа Москватәи еизгоу акоманда иалахәын.