Гәдоуҭа араион ахәҭак иахьа лашарада иаанхеит. Асааҭ 11:00 инаркны 16:00 рҟынӡа астанциамаҷ "Мысра" аҿыххеит, асааҭ 11:00 инаркны 12:00–нӡа "Мысра-Ахагеи" "Лыхни" русура шаанкылахоз азы адырра ҟанаҵахьан Аԥсны аенергетика аминистрра.Афымца ырцәахеит имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны.
Аԥсуа нарҭтә епос ҭыжьхоит «Европа, Азиа ажәларқәа репос» ҩ-бызшәакны академиатә сериаҿы.Ари аӡбамҭа рыдыркылеит иара Горьки ихьӡ зху Адунеизегьтәи алитература Аинститут афольклор аҟәша аилатәараҿы. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада, Зураб Џьапуа иалахәхарала .Асериа иаҵанакуеит адыга,ауаԥс, абалкарцәеи -аҟарачқәеи репос аверсиақәа.
Испаниантәи аветеринарцәа 482 ԥстәы дырҟәеит Гагра араион имҩаԥысуаз хәыда-ԥсадатәи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.“Акциа ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Иԥҟан 298 цгәи 184 леи. Инықәырԥшшәа иҳамоу арбақәа рыла, рира аԥырҟәҟәаауп 1040 ласбеи 1200инарзынаԥшуа ацыгәқәеи", — абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥстәқәа рыцхрааразы афонд "Багиреи" алақәа аамҭалатәи рбарҭа "Топеи" рнапхгаҩы Саида Оҭырԥҳа.Лара лажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны рымҩаԥгара хымԥадатәиуп. Оҭырԥҳа агәыӷра аалырԥшит аҳәынҭқарра ахарџь ала амҩаԥгара алыршахап ҳәа, избанзар, атәылауаа рӷьырак рзы аԥстәқәа рҟәара иахьагьы харџьла ирзышьҭыхӡом.
Украинатәи ашпион Белгородтәи аобласт аҿы дырбаандаҩуп.36 шықәса зхыҵуа ахаҵа акураторцәа ириҭон урыстәылатәи аруааи арратә техникеи еизакны иахьгылақәаз ркоординатқәа рҳәеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзураҿы.Арҭ адыррақәа аӷа ихы иаирхәеит аракета-бомбатә жәыларақәа рымҩаԥгаразы.Ашьаус хацыркуп ахәҭаҷ "Ашпион мҩаҧигон" ала.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 92 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭадырхеит Бриансктәи, Белгородтәи, Ленинградтәи, Курсктәи, уҳәа ақалақьқәа жәаба рҿы иара убас Твертәи аобластқәеи, Москватәи арегионқәеи.