Ихадоу атемақәа

Sputnik
Афымцамчԥхьаӡагақәа Турбазеи Синопи араионқәа рҿы рықәыргылара иалагеит.Иара убас, аспециалистцәа аусура иалагеит Гәдоуҭа арратә қалақь иахьаҵанакуа ҳәа еиҭеиҳәеит Аҧсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.Иара иажәақәа рыла, аҩнеихагылақәа жәпакы рҿы афымцаҳақәа аибашьра аахыс ирымҧсахӡацт. Аԥхьаӡагақәа ахьықәдыргылахьоу арбагақәа еиӷьхеит – аҳақәа ирықәыз амчхара лаҟәит.Афымцамчԥхьаӡагақәа рышьақәыргылареи аҳақәа рырҿыцреи рзы аусурақәа атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны имҩаҧгахоит иҳәеит аминистр.
Аԥсны акамшьиа акразы аханатә иазырбаз аамҭа иацҵоуп иҳәеит арадио Sputnik аҟны Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко.Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, 40 тонна рҟынӡа аԥсыӡ ҭгоуп, ииашоу ахыԥхьаӡарақәа мышқәак рыла еилкаахоит иҳәеит иара."Ԥшь-зауадк аквота рзынамыгӡеит, уи азы даҽа 20 мшҟа раҳҭеит. Иҳамоу адыррақәа рыла, Аҟәа аганахь сынтәа зынӡа имаҷын акамшьиа, аиҳарак аԥсыӡ ахьыҟоу Гал араион аҿоуп. Уи адагьы, амш ирынамҭаӡеит, амшынгьы бааԥсын. Иацы агәаҭарақәа мҩаԥаагеит, уи алҵшәақәа рыла, Аҟәа инаркны Гагранӡа аԥсыӡ ыҟаӡам, Галҟа рхы дырхеит", — иҳәеит Соломко.
Аҟәа атранспорттә инфраструктура аҿиаразы аҟазаратә план аԥнаҵоит москватәи афирма.Мшаԥы 4 рҟынӡа урыстәылатәи аҟазауаа аԥхьанатәтәи аконсультациақәа мҩаԥыргоит, ақалақьргыларатәи атехникатәи ҭагылазаашьақәа ҭырҵаауеит, ихадоу атранспорттә еиқәҳәаларҭақәа гәарҭоит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура."Ҳара ҳзы ари астратегиатә ҵакы змоу документуп, уи аус адулара ҳақалақьуааи аҳҭнықалақь асасцәеи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥызҵо аҽа шьаҿахоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба.Апроект анагӡаразы аҭакԥхықәра идуп аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
Урыстәылантә анаркотиктә маҭәашьарқәа Аԥсныҟа раагаразы зыгәҩара ыҟоу Аҟәа инхо 62 шықәса шықәса зхыҵуа Владимир Мироненко Адлер иааихәаз аметадон аҳәаа нхыҵны аиагара иҽазишәеит. ззин ыҟам амаҭәашьар ԥшь-грамм инареиҳаны имхуп ҳәа аанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра.Уи азы ашьауӷатә ус аартуп. Мироненко даанкылоуп
Подмосковие атеракт аԥырҟәҟәаауп. Атәылахьчаратә наплакы аҿы аус зуаз ацәгьоуҩы ихала украинатәи акураторцәа иҽрымеидеит ҳәа рҳәеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзураҿы. Иара арҭҟәацгақәа аизакырҭаҿ ишьҭеиҵон, аихамҩақәа рҿы амцаркрақәа мҩаԥигон, Москватәи аобласт аҿы абылтәы-енергетикатәи атәылахьчара-ааглыхратәи комплексқәа робиектқәа рыԥшыхәра мҩаԥигон.Иаанкылараз аҽазышәараан ацәгьоуҩы абџьар шьҭыхны аҿагылара ҟаиҵеит, дагьҭархан. Аҭыԥ аҿы арҭҟәацга ԥшаауп.