Иахьа 1 инаркны Аԥсны алашара аиулоит Егры-ГЕС аҟынтәи ҳәа азгәеиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал."Аӡы ашьҭыҵра иалагеит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҳамаз абжьаратә рбагақәа рыла, арыцхә 15-16 рҟынӡа аӡы ашьҭыҵра ҳазыԥшын. Аха, рыцҳарас иҟалаз, амза хьҭан", — иҳәеит Sputnik арадио аефир аҿы.Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра иахьа иаанкылахоит. Иаауаз ахәҭак "социалтәын", егьи ахәҭа ахә ашәеит "Амшынеиқәафымцамч". Иаашьҭыз алашаразы ареспублика ауал ақәӡам иҳәеит Џьынџьал.
Аицлабра "Аҭаацәара қәыԥш" ахь азыҳәақәа рыдкылара аартуп.Уи рхы аладырхәыр рылшоит ақыҭақәа рҿы инхо, 18-30 шықәса зхыҵуа хаҵеи-ԥҳәыси. Иаҭахны иҟоуп аҩыџьагьы Аԥсны атәылауаҩра рымазарц, 2024 шықәса нанҳәа 1 иахымгакәа официалла аҭаацәара ишалоу азы ашәҟәы иҭагалазарц.Алахәылацәа еизыргароуп адокументқәа: атәылауаҩшәҟәқәа, аҭаацәалазаареи ахәыҷқәа риреи рзы аршаҳаҭгақәа, ақыҭаҿы ишынхо азы аилыркаага, иара убас авидеонҵамҭа, аӡыргара, мамзаргьы аессе "Ақыҭаҿы аԥсҭазаара – ари?".Азыҳәақәа рыдыркылоит абҵара 1 аҟынӡа абри азхьарԥш ала. Аԥхьахә хада – ҩыџьа рзы атуристтә путиовка.
Урыстәыла акультура амшқәа Аԥсны мшаԥымзазы имҩаԥысраны иҟоуп.Мшаԥы 17 рзы афилармониа асценаҿы иқәгылоит Калмыкиа ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә академиатә ансамбль "Тиульпан".Апрограмма иарбоуп акәашарақәа, ахәдатә шәаҳәара, авокалтә номерқәа, ахореографиатәии атеатртәии қәгыларақәа.Иалагоит асааҭ 19: 00 рзы, аҩналара хәыдаԥсадоуп.
Аԥсны мшаԥымзаз аԥсшьараз абжьаратә хәыԥса лаҟәит.Ареспублика зегь раасҭа зыԥсшьара ахәԥса лаҟәыз х-тәылак ирхыԥхьаӡалоуп ҳәа аанацҳауеит АТОР.Атурқәа рыхәԥса 12,2% рыла илаҟәит — аԥырра налаҵаны ҩыџьа рзы 64,6 нызқьмааҭ рҟынӡа иҟалоит. Акурортқәа рыбжьара аԥыжәара амоуп Гагра, анаҩс — Афон ҿыц, Пицунда, Очамчыра, Аҟәа.Иара убас Мальдивы Виетнами аԥыжәара змоу х-тәылак ирылоуп, аха уахь аныҟәарақәа рыхәԥса акыр ишылаҟәызгьы, уеизгьы Аԥсны аасҭа акырӡа еиҳауп — еиҿырԥшрала 317 нызқьи 199 нызқьи.Хырхарҭақәак рыхә шьҭыҵит. Египети Таиланди — 16% инареиҳаны ихалеит, Индонезиа — 50