Ауаҩы игәалаҟазаара ашьҭыхраҿы акомедиа иалшои: аччара амш аҽны актиорцәа ҳрыҿцәажәоит

Sputnik
Алаф бзиа, нас уи иацнеиуа аччара иабанӡацхыраагӡоу агәалаҟаразы акомедиатә фильмқәа, мамзаргьы ари ажанр ала аспектакльқәа. Атеатрқәа алаҳкаауазар ахәаԥшцәа иабанӡаргәаԥхои акомедиатә жанр, убри аан ҳара ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ракәу, мамазаргьы аҳәаанырцәтәи аҩымҭақәа ирылху ақәыргыламҭақәоу еиҳа аԥыжәара зго, абри атәы ҳалацәажәоит арадио Sputnik аефир аҿы аччара амш аҽны. Асасцәа - Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа Аҿартә театр актиорцәа.
Шәазыӡырҩы аудио.