Ацәаӷәара, аарыхра иазыхиоума Аҟәа араион анхацәа, адгьылқәа рыцәаӷәараз еиқәшәоума амашьына- трактортә станциа. Иарбан проблемоу ирныԥшуа, насгьы араионтә биуџьет аҟнытә есышықәса ақыҭанхамҩа аҿиараз апроектқәа адгылара заухьаз ирлыҵшәақәои, сынтәатәи ашықәс азы ус ала иалкааума анхамҩатә проектқәак, абарҭкәа арадио Sputnik аефир аҿы дрылацәажәоит Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Инал Хәарцкьиа.
Шәазыӡырҩы аудио.