Ермантәылантәи атуристцәа визада Аԥсны алалара азин роур алшоит, абри аҩыза аԥшьгара иманы атәыла ахада Бадра Гәынба иахь ааԥхьара ҟаиҵеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа Асеиԥш алкаара аус ауеит Беларуссиеи Ҟазахсҭани ртәылауаа рзы.Аӡбамҭа рыдыркылар, Ермантәыла атәылауаа визада Аԥсны ҩымчыбжь аԥсшьара рылшоит.
Жәлар Реизарахь адепутатцәа ркандидатурақәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшоуп.Кәтолтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №30 аҟынтәи депутатс Геннади Ҵлаииа икандидатура ықәгылоуп, Тҟәарчалтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №34 аҟынтәи — Ешсоу Дочиа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АКХ.Аԥсны Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит мшаԥымза 18 2026 шықәсазы. Аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Апарламент аҿы ахысраан ишьыз адепутат Вахтанг Гәаланӡиа изинмчқәа заанаҵы раанкылареи, адепутат Герман Каҷараа Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дахьаҭои инарымаданы.
Аҩыҟаҵара атрадициақәеи аԥеиԥшқәеи ирызку астол гьежь мҩаԥгахоит афорум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.Аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациа аиҳабы Алхас Аргәын иажәақәа рыла, аиҿкаара иазыԥхьагәанаҭон аҩыҟаҵаҩцәа рфорум ахала амҩаԥгара. Арыцхәқәа рыла иара зымҽхак ҭбаау аекономикатә форум иақәшәеит, уи азы аиҳабыра ажәалагала ҟарҵеит аусмҩаԥгатәқәа еилагӡазарц."Аҳәынҭқаррагьы иднарбаша ҟалоит, ҳара ҳзгьы уи шьахәуп, избанзар афорум ас еиԥш аҩаӡараҳаракы змоу раԥхьатәи форумуп, уи ԥхьаҟазы еихьӡара бзиахоит", — азгәеиҭеит Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны.
Ақалақьтә скульптура "Аншьа Лиовик аԥсыӡ хәыҷ иманы" анапы ԥырҵәеит. "Хьаас иҟашәымҵан, мышқәак рыла Лиовик инапы аҳҭоит. Еиҳагьы иӷәӷәаны аҟаҵаразы алшара ҟалеит. Аха аԥҽра, ҳәарада, иаҭахӡам", — абас асоциалтә ҳақәа рҿы иҩит аскульптор Архип Лабахәуа. "Аншьа Лиовик" уажәадагьы ааха аиухьеит, елкаам џьоукы аџьаз ԥсыӡкҩы ақәыргыла рӡеит уи аҭыԥ аҿы иеимааи ахсаалеи аанрыжьит. Аскульптура адырҩаҽны аҟәатәи амилициа ирыԥшааит
Ҭырқәтәыла ақалақь Диузџье ауниверситетқәа руак аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша астудентцәа рзы иҭыжьуп арҵагатә цхыраагӡақәа. Арҵагатә шәҟәқәа реиқәыршәаҩцәа ируаӡәку абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ева Ҭаниаԥҳа лажәақәа рыла, астудентцәа ирзыманшәаланы еиқәыршәоуп.Ацхыраагӡақәа шьақәгылоуп — арҵага шәҟәқәа, аусуратә тетрадқәа, апрактикатә ҩырақәа, апрофильтә рҵагатә цхыраагӡақәа лҳәеит аҵарауаҩ.