Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааит.Иара убасгьы аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аиҳабыра рлахәылацәа, ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Апарламент адепутатцәа, дара жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" иалахәхоит.Аҳәааҿы асасцәа ирԥылеит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу адепутатцәа.Афорум мҩаԥысуеит мшаԥы 3-4 рзы, уи иазку аусмҩаԥгатәқәа иахьа ирылагараны иҟоуп. Апрограмма иара убасгьы иаҵанакуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭа хадақәа ирызку астол гьежьқәа фба.
Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны Очамчыра ақалақь аҿы иахьа иаатит Урыстәылатәи атуристтә маҵзурақәеи Аԥснытәи асасааирҭақәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара.Аусмҩаԥгатә хықәкыс иамоуп ареспублика атуристтә ҭыԥқәа жәларбжьаратәи аџьармыкьа аларҵәара.Аиԥылара мҩаԥысуеит асасааирҭа "Амшынеиқәатәи афеилдышь" аҿы.
Аԥсны АҩАР хаҭалатә еилазаара жәларбжьаратәи аекономикатә форум амҩаԥгараан ирӷәӷәоу аусурахь ииагоуп.Абри азы адҵа ҭижьит аминистр Роберт Кьиут.Мшаԥы 2-4 рзы ауаажәларратә шәарҭадареи аиҿкаареи реиқәыршәара азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәараҿы иазгәарҭеит аделегациақәа ахьаангыло аҭыԥқәеи, иара убас афорум ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәеи рҿы азинеилагарақәа раԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хԥа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу акомпрессортә станциа "Русскаиа" иажәлеит.Астанциа Амшын еиқәа ала "Турецкий поток" агаз аекспорт дәықәырҵоит. "Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи амобилтә оперативтә гәыԥқәеи русеицурақәа иабзоураны ажәылара аԥырҟәҟәаауп, "Газпром" ааха аҭара алдмыршеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.