Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа» ашьҭа ҳаныланы уаҟа излацәажәаз атемақәа рыҭҵаара иацаҳҵоит. Ақыҭанхамҩа, атуризм, алогистика — афорум аҿы еиҳа азхьаԥшра змаз ахырхарҭақәа рҟынтәи ҷыдала ақыҭанхамҩа ҳазааҭгылоит, излацәажәаз атемақәа инадыркны, иаҳзаатуа алшарақәеи, ҳпотенциал ахә ашьареи рҟынӡа. Анаплакҩы Генрих Ҭыжәба игәаанагара еилаҳкаауеит.
Шәазыӡырҩы аудио.