Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны — ԥхьаҟатәи аинвестициақәа" аҟны излацәажәоз атемақәа рыҭҵаареи рылацәажәеи ирыцаҳҵоит. Афорум ицәырнагаз аидеиа ҿыцқәа — амототуризм, урыстәылатәи аган азы иаанарԥшуа аинтереси, ҳара ҳалшареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дырзааҭгылоит амотоспорт афедерациа ахада Асҭамыр Зарандиа.
Шәазыӡырҩы аудио.