Ихадоу атемақәа

Sputnik
Трамп Иран аенергоинфраструктура ажәлара аҿҳәара ҩымчыбжь иахирԥеит.Америка ахада иажәақәа рыла, ҩ-ганктәи аибашьра аанкылара алыршахоит — "Ормузтәи аӡыбжьахала инагӡаны, аамҭа мгакәа, ишәарҭаданы аартра".Аибашьра Израильгьы ианнакылар ҟалоит аҳәеит CNN Аҩны Шкәакәа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.Трамп аиқәшаҳаҭра адкылара хҭыс дууп ҳәа ахиҳәааит, Вашингтон Ормузтәи аӡыбжьахалаҿы атранспортныҟәара ауадаҩра аҭышәныртәалара ишацхраауа азгәеиҭеи.Аганқәа рыбжьара аиҿцәажәарақәа актәи рраунд мҩаԥысыр алшоит мшаԥы 10 рзы пакистантәи ақалақь Исламабад аҿы.
Змаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз Урыстәыла АфШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аполковник еиҵбы Васили Квитко дыргәаладыршәеит Аҟәа.Аҳәаахьчаҩцәа-Афырхацәа рбаҳчаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аҳҭнықалақь ахадара, Урыстәылатәи АфШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа, ареспублика атәылахьчареи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи рхаҭарнакцәа."Аҳәаахьчаҩ Васили Квитко иԥсҭазаара далҵижьҭеи иахьа 15 шықәса ҵуеит. Ари амш азгәаҳҭоит ифырхаҵареи игәымшәареи, иара убас егьырҭ зуалԥшьа анагӡараан иҭахаз аҳәаахьчаҩцәеи ргәалашәара ҳаҭыр ақәҵо", — азгәеиҭеит Михаил Шургалин.
Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба агәыҳалалратә фонд "Ашана" ахылаԥшратә хеилак ахь далхуп."Агәра ганы сыҟоуп уи иԥышәеи, иҟәыӷареи, ауаа рыцхраара гәык-ԥсыкала игәазыҳәареи аус бзиа ҿыцқәа рзы ишьаҭа ӷәӷәаны ишыҟало ҳәа — азгәалҭеит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы аԥареизгара мҩаԥнагоит.Афонд аусура иалагеит 2008 шықәсазы. "Ашана" ахәыҷқәа рыхәшәтәразы Урыстәыла, иара убас Ҭырқәтәыла, Израиль, Германиа иреиӷьу ахәшәтәырҭақәа рахь рышьҭра иацхраауеит.
Аԥсныҟа аара зҭаху амототуристцәа рацәаҩуп, аха аҳәаа ахысраҿы ауадаҩрақәа ыҟоуп ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иазгәеиҭеит Аԥсны Амотоспорт афедерациа ахада Асҭамыр Зарандиа.Иара иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы 10-15-ҩык рҟынӡа еицны гәыԥ-гәыԥла иаауеит. Иҳәеит атәыла ахада ихьӡала ашәҟәы рыҩырц ргәы ишҭоу, аҳәаа рахысраҿы ацхыраара рыҭаразы.Зарандиа дазааҭгылеит Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоу амотоциклқәа ҩ-миллионк ишреиҳау, урҭ рахьынтәи 20-25% Аԥсныҟа иҭалартә алшара рзыҟаҵар акыр шаҵанакуа.