Мшаԥымза 8 рзы Жәлар реизара апраламент ахь аиҭалхрақәа рыламҭалаз алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартхеит алхыҩцәа рсиақәа деилыркаразы. Абри атәы иҳәеит Алхратә комиссиа хада алахәыла Алиас Бранӡиа.Акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшан мшаԥымза 7 рзы .Кәтолтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №30 аҟынтәи депутатс Геннади Ҵлаииа икандидатура ықәгылоуп, Тҟәарчалтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №34 аҟынтәи — Ешсоу Дочиа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АКХ.Аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит мшаԥымза 18 рзы асаҭ 8 инаркны 20 сааҭ рҟынӡа . Заанаҵтәи адыррақәа рылаҳәахоит мшаԥы 19 рзы
Трамп Иран аенергоинфраструктура ажәлара аҿҳәара ҩымчыбжь иахирԥеит.Америка ахада иажәақәа рыла, ҩ-ганктәи аибашьра аанкылара алыршахоит — "Ормузтәи аӡыбжьахала инагӡаны, аамҭа мгакәа, ишәарҭаданы аартра".Аибашьра Израильгьы ианнакылар ҟалоит аҳәеит CNN Аҩны Шкәакәа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.Трамп аиқәшаҳаҭра адкылара хҭыс дууп ҳәа ахиҳәааит, Вашингтон Ормузтәи аӡыбжьахалаҿы атранспортныҟәара ауадаҩра аҭышәныртәалара ишацхраауа азгәеиҭеи.Аганқәа рыбжьара аиҿцәажәарақәа актәи рраунд мҩаԥысыр алшоит мшаԥы 10 рзы пакистантәи ақалақь Исламабад аҿы.
Змаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз Урыстәыла АфШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аполковник еиҵбы Васили Квитко дыргәаладыршәеит Аҟәа.Аҳәаахьчаҩцәа-Афырхацәа рбаҳчаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аҳҭнықалақь ахадара, Урыстәылатәи АфШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа, ареспублика атәылахьчареи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи рхаҭарнакцәа."Аҳәаахьчаҩ Васили Квитко иԥсҭазаара далҵижьҭеи иахьа 15 шықәса ҵуеит. Ари амш азгәаҳҭоит ифырхаҵареи игәымшәареи, иара убас егьырҭ зуалԥшьа анагӡараан иҭахаз аҳәаахьчаҩцәеи ргәалашәара ҳаҭыр ақәҵо", — азгәеиҭеит Михаил Шургалин.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 73 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭадырхеит Орловтәии Ростовтәии аобластқәа рҿы, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Азовтәи амшын инахықәкны, Амшын еиқәа аӡымҽхак аҿы.
Аԥсныҟа аара зҭаху амототуристцәа рацәаҩуп, аха аҳәаа ахысраҿы ауадаҩрақәа ыҟоуп ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иазгәеиҭеит Аԥсны Амотоспорт афедерациа ахада Асҭамыр Зарандиа.Иара иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы 10-15-ҩык рҟынӡа еицны гәыԥ-гәыԥла иаауеит. Иҳәеит атәыла ахада ихьӡала ашәҟәы рыҩырц ргәы ишҭоу, аҳәаа рахысраҿы ацхыраара рыҭаразы.Зарандиа дазааҭгылеит Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоу амотоциклқәа ҩ-миллионк ишреиҳау, урҭ рахьынтәи 20-25% Аԥсныҟа иҭалартә алшара рзыҟаҵар акыр шаҵанакуа.