2016 шықәсазы атуристцәа рхыԥхьаӡара 1,6 млн рҟынӡа инаӡазар, 2030 шықәсазы ари ахыԥхьаӡара 5 млн рҟынӡа анагара шазгәаҭоу иалацәажәан жәларбжьаратәи афорум аҿы. Уи азы иарбан лшарақәоу иҟоу, мамзаргьы аус зыдулатәу атуристцәа ҳтәыла радԥхьаларазы. "Акурорт Пицунда" аԥсшьарҭақәа реидгыла аменеџьер Азамаҭ Багаҭелиа азҵааразы игәаанагара иҳәеит.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.