Тҟәарчал амш. Араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы ақалақь ажәытә-аҿатә далацәажәеит

Sputnik
Амшын аԥшаҳәа иаԥнуп ҳақалақьқәа зегьы акы ада. Уи 84 шықәса раԥхьа Хәаџьал ашьха амҵан ииз Тҟәарчал ауп. Иара ақалақь астатус аиуит 1942 шықәса мшаԥы 9 рзы. Иарбан ҿиараз иамаз усҟантәи аамҭазы аиндустриалтә қалақьқәа ираҟараз Тҟәарчал, иаԥсҭазаашьааз, рнапы злакыз ауааԥсыра, ақалақь ажәытә- аҿытә далацәажәеит Тҟәарчал ииз, иааӡаз, шықәсы рацәа ашахтаҿы аус зухьаз, иахьа Тҟәарчала араион абыргцәа рхеилак аиҳабыс иҟоу Зураб Аргәыниа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.