Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз ахҭыс хлымӡаах атәыла зегьы архыџхыџыит. Хышықәсеи бжаки зхыҵуаз ахәыҷы лҭархара даҽа знык иарҵабыргит ишҳагу ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа алзмыршо азакәантә механизмқәа, ишрызхьаԥштәу ҳҵас, ҳқьабз, ҳахдырра, "шьоукы рҭаацәара" ҳәа ҿыҵгас иҟаҵаны ҳалақәа раркра уаҳа ишамуа. Иҟаҵатәузеи аиԥш зеиԥшроу ахҭыс хлымӡаахқәа рҟынӡа амнеиразы, аҭаацәараҿы ақәымчра анбанормахеи, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит Ауаажәларра рхаҭарнакцәа Илона Кәыҵниаԥҳаи Абесалом Кәарҷиеи.
Шәазыӡырҩы аудио.